"Ацәқәа анцәыббуа": амши аҵхи анеиҟароу

© Sputnik / Игорь Чуприн / Амедиаҵәахырҭахь аиасраМужчина ловит рыбу с пирса. Архивное фото.
Мужчина ловит рыбу с пирса. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Амши аҵхи реиҟарра – Адунеи аҩадатәи ахәҭаҿы ҭагалан, аладатәи аҿы – ааԥын аныҟоу. Цәыббра 22, 2017 шықәса, асааҭ хминуҭк жәаҩа рахь аус анауа аамҭазы, Амра Адгьыл аҩадатәи ахәҭа аҟынтә аладахь ииасуеит.

́Аҟәа, цәыббра 22 – Sputnik, Амра Амҷԥҳа. Амши аҵхи реиҟарра аԥсуаа рҿы акы иаламҩашьо иазгәарҭон, лҳәеит афольклорҭҵааҩ Есма Ҭодуаԥҳа Sputnik акорреспондент данлыҿцәажәоз.

"Ацәқәа анцәыббуа" рҳәоит аԥсуаа уи амш аҽны, ацә аԥа ацны ианаурышьҭуа аамҭа, шьҭа идуухеит ҳәа ианырыԥхьаӡо. Уи ауп ашықәс амзгьы "цәыббра" ҳәа изышьҭоу", – азгәалҭеит аҵарауаҩ.

Есма Ҭодуаԥҳа илҳәоит, ҭагалан ишымҩаԥыргоз аныҳәагатә — "аԥаҭлыка акныхра".

"Аҭаацәа рныҳәарҭаҿы, аишәа аҿамаҿа анықәырҵоз – абысҭа, акәац, ашьтәа, уҳәа, аԥацха акәындхә аҿы аџьаӷь уаҭка зҭаз аԥаҭлыка кнарҳауан. Ҳаԥхьаҟа ҽааны иаартны, аџьаӷь уаҭка аҿа ҭарҭәон", — еиҭалҳәоит Ҭодуаԥҳа.

Аҳақьым Хьерсина Гәлиаԥҳа лажәақәа рыла, амши аҵхи реиҟарра аиҳарак ирныруеит амш аҭагылазаашьа, аҽеиҭакра, зныԥшуа ауаа.

"Аӡәы изы, уи иаабыц мшуп, даҽа џьоукых — амш аҽеиҭакра рныруеит, ус иагьыҟаҵәҟьоуп. Кыраамҭа изыргәамҵуаз ачымазара ахы днардыруеит, рымчқәа каԥсоит, ршьақәыӷәӷәара ҳаракхоит, рхы гьежьуеит", — азгәалҭеит аҳақьым.

Хьерсина Гәлиаԥҳа илҳәеит, амши аҵхи аиҟарра аамҭа – ҭагалан ицәырнаго ауаҩы иҩныҵҟатәи агәҭынчымзаара аналаго ауп ҳәа.

Цветущий миндаль в мадридском парке Quinta de los Molinos - Sputnik Аҧсны
Аҿиареи, аизҳареи рынцәахәы Ҭаргьалас: аԥсуаа разхаҵарақәа

"Аамҭалатәи агәҭынчымзаара ауаҩы зынӡа дамҽханамкырцаз, уи имш аиҭакрақәа алаигалар ауп. Уи ауаҩы игәалаҟара бжьнахуам", — лҳәеит Гәлиаԥҳа.

Амши аҵхи анеиҟароу аамҭазы Амра Адгьыл аҩадатәи ахәҭа аҟынтә аладахь ииасуеит. Цәыббра 22 рзы Адунеиаҿ амши аҵхи раамҭа еиԥшуп, 12-12 сааҭ иаҟароуп.

Ари амш ашьҭахь Адгьыл аҩадатәи ахәҭаҿы ҭагалан шьақәгылоит, амшқәа ирыгхоит, аҵхқәа ирыцлоит.

Ажәытә амзар ала амши аҵхи реиҟарра ашықәс ҿыц иалагамҭан, избанзар ашықәс хацыркхон аԥхын аамҭа ала. Ажәытә милаҭқәа рҿы ари амш азгәарҭон аныҳәақәеи аныҳәагатәқәеи рыла.

Ажәабжьқәа зегьы
0