"Асдуи" Адунеи аҭыԥҳаи: Sputnik имҩаԥысит Алықьса Гогуа ироман аӡыргара

© Sputnik / Томас ТхайцукПрезентация книги Алексея Гогуа. "Ас ду"
Презентация книги Алексея Гогуа. Ас ду - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны жәлар рышәҟәыҩҩы Алықьса Гогуа ироман "Асду" раԥхьаӡа акәны акьыԥхь абеит ажурнал "Алашараҿы", 1985 шықәса рзы, уи аахыс аҩымҭа аԥсышәала иҭымҵыцызт.

Аҟәа, цәыббра 25 — Sputnik, Амра Амичба. Ароман "Асду" аиҭаҭыжьра – раԥхьатәи проектуп абызшәа аҿиаразы аиҿкаара "Аԥсны агәыҳалалра ацҳаражәҳәаҩцәа" иаԥшьыргаз. Абри атәы иҳәеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ, агәыҳалалра ацҳаражәҳәаҩ Кан Ҭаниа, цәыббра 25 "Россия Сегодня" апресс-центр аҿы.

Аԥсны жәлар рышәҟәыҩҩы Алықьса Гогуа Аҟәа амультимедиатә пресс-центр Sputnik аҟынтә "Агәыҳалалратә цҳаражәҳәаҩцәа" иҭабуп ҳәа реиҳәеит, иазгәеиҭеит абызшәа аҿиара ауаажәларреи аҳәынҭқарреи ракзаараҿы ихадоу аҭыԥ шаанакыло.

Ароман "Асду" Аԥсны ихадоу алитературатә баҟақәа ируакуп, —  иҳәеит Кан Ҭаниа.

"Ароман аҿы ишьҭыхыз азҵаарақәа, аԥсуа жәлар рзы иахьагьы актуалра рымоуп. "Асду" аԥсуаа зқьышықәсала иззыԥшыз ахақәиҭра иасимволхеит. Автор иаҳирбоит уи амҩа шымариамыз, аха ауаҩы имилаҭтә цәа изеиқәырхар, уи алыршахоит", — иҳәеит Кан Ҭаниа.

Ашәҟәыҩҩы Анатоли Лагәлаа ароман "Асду" аԥсуаа имариамыз рҭоурых аанарԥшуеит ҳәа иԥхьаӡоит.

"Ароман ажәлар рдоуҳа, рыԥсҭазаара, рынхашьа аныԥшуеит", – иҳәеит Лагәлаа.

Асду аиҭаҭыжьра: Sputnik аҟны еиҭарҳәеит ашәҟәы аиҭаҭыжьра шыҟалаз - Sputnik Аҧсны
"Асду" аиҭаҭыжьра: Sputnik аҟны еиҭарҳәеит ашәҟәы аиҭаҭыжьра шыҟалаз

Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа реидгыла ахантәаҩы Вахтанг Абхазоу иргәалаиршәеит ароман 1985 шықәса раахыс ишҭымҵыц, аҿар рахьгьы ааԥхьара ҟаиҵеит уи иаԥхьарц. Иара далацәажәеит Аԥсны аиҭагаҩцәа рыҟамзаара ицәырнаго ауадаҩра, аԥхьаҩцәа ашәҟәыҩҩцәа ҿарацәа рҩымҭақәа еиҭаганы рнапаҟны иҟалартә еиԥш алшара шыҟам.

Ажурналист, ашәҟәыҩҩы Надежда Венедиктова илҳәеит, Фазил Искандер ишазгәаиҭахьаз еиԥш, Алықьса Гогуа иоуп, раԥхьаӡа аԥсуа проза ауаҩы иҩныҵҟатәи еибафарақәа алазгалаз.

"Исҭахуп исҳәарц ажәабжь "Аԥсҭәҳәа", акритикцәеи аԥхьаҩцәеи хшыҩзышьҭра арҭарц. Ажәабжь анеиҭазгоз сҿаԥхьа даатит даҽа шәҟәыҩҩык – лҳәеит Венедиктова. Сганаҿы итәоу ауаҩы ихыҵуеит 85 шықәса, сара исныруеит иара иԥсҭазаара иҩычоу аҿыхынҵа еиԥш. Сара исҭахуп шәаргьы уи шәазнерц", — лҳәеит Венедиктова.

Ашәҟәыҩҩы Даур Наҷҟьебиа иҳәеит-  аҩымҭа аиҭаҳәара баша аамҭа гага шаку, абызшәа унырырцаз, иара иаԥхьатәуп.

"Ари ароман абызшәа иаромануп уҳәар улшоит. Апрозаик ду – раԥхьаӡа иргылан абызшәа ирҿеит, иара мап ацәикуеит уи аԥхьа алитератураҿы иҟаз абызшәа, иаԥиҵоит ихатәы. Аԥсны аҭоурых зегьы ароман аҿы иаарԥшуп, араҟа иҟаҵоуп аихшьаалақәа, иара убас автор аԥхьаҩ дықәҽаниҵоит. Убри аҟнытә ароман иахьагьы актуалра амоуп", — иҳәеит иара.

Асоциалтә политиказы Урыстәыла ахеидкылақәа рхеилак алахәыла Татиана Лебедева илҳәеит, ароман ахҳәаа даназыӡырҩы ашьҭахь даԥхьарц шылҭаххаз.

"Ари ҿырԥшыгоуп, уахьиз уахьааӡаз, уԥсадгьыл бзиа ишбатәу азы", – лҳәеит лара.

Ашәҟәы аӡыргара хацаркхаанӡа Кан Ҭаниа еизаз ирылаиҳәеит ацҳаражәҳәаҩцәа рхыԥхьаӡара ишацлаз. 2008 шықәса рзы Адунеи аҭыԥҳа ҳәа ахьӡ иаԥсахаз Ксениа Сухинова Аԥсны агәыҳалалра цҳаражәҳәаҩс дҟалеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0