Аиқәшаҳаҭра ҿыц анапы аҵаҩуп

© Sputnik / Томас ТхайцукПодписание соглашение
Подписание соглашение - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Приднестовиатәи Молдавиатәи Ареспублика аделегациа, атәыла Ахада Вадим Красносельски, зхадараҿы дыҟоу Аԥсны Аиааира амш аҳаҭыразы имҩаԥысуа аныҳәатә уснагӡатәқәа рыҽрыладырхәырц Аԥсныҟа иааит.

АҞӘА, цәыббра 29 — Sputnik, Бадри Есиава.  Ахәаша, цәыббра 29 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарреи Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспубликеи рыбжьара Аиҩызареи апартниорреи рзы Аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымбеи Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспублика Ахада Вадим Красносельскии. Абри атәы аҭыԥ аҟынтәи иааицҳаит ҳкорреспондент.

Иара убасгьы анапы аҵаҩуп Аԥсны, Гәдоуҭатәи араион Ахадареи Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспублика, Дубоссартәи араион Ахадареи ақалақь Дубоссары Ахадареи рыбжьара ахәаахәҭра-економикатә, анаука-техникатәи, акультуратәи усеицуразы Аиқәшаҳаҭра.

Аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит Аԥсны, Гәдоуҭатәи араион Ахада Руслан Ладариеи Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспублика, Дубоссартәи араион Ахадареи ақалақь Дубоссары Ахада Руслан Чабани.

Визит президента ПМР Вадима Красносельского в Абхазию - Sputnik Аҧсны
Красносельски Аԥсны: Амшын аԥшаҳәаҿы аныҟәареи акаҳуеи

Анапаҵаҩра ацеремониа ахыркәшамҭазы аҩ-тәылак рхадацәа апрессаз аофициалтә ҳәамҭа ҟарҵеит.

"Цәыббра 28, 29 рзы имҩаԥгаз аиҿцәажәарақәа раан ҳара инаҵшьны иазгәаҳҭеит ҳҳәынҭқаррақәа реизыҟазаашьа аҭагылазаашьа. Ҳалацәажәеит ҩ-ганктәи адиалог маншәала амҩаԥгара, аекономика, акультура, аҵарадырра, ахәаахәҭра русхк аҟны наҟ-ааҟ еицаҳзыфеидоу аусеицура амҩаԥгара хықәкны иҟаҵаны. Ихадоу азҵаарақәа рганахь ала ҳара ҳажәа акуп", — иҳәеит Рауль Ҳаџьымба.

Официальная встреча делегации Приднестровской Молдавской Республики во главе с Президентом Вадимом Красносельским на государственной границе по реке Псоу - Sputnik Аҧсны
Приднестровиатәи асасцәа Аԥсны аҳәааҿы ирԥылеит

Иара убри аан иазгәеиҭеит Аԥсны анапхгара еиҭарҿыцу аиқәшаҳаҭра ахә ҳаракны ишыршьо.

Вадим Красносельски иколлега иажәақәа дрықәшаҳаҭхо иҳәеит:

"Ҳхьыԥшымра ҳшәарҭадара хәдықәҵара азнауеит. Убри азоуп Аԥснеиԥш иҟоу агәыла бзиа иҟазаара ҳара ҳзы аҵакы рацәа замоу" ҳәа.

Приднестовиатәи Молдавиатәи Ареспублика аделегациа, атәыла Ахада Вадим Красносельски, зхадараҿы дыҟоу Аԥсны Аиааира амш аҳаҭыразы имҩаԥысуа аныҳәатә уснагӡатәқәа рыҽрыладырхәырц Аԥсны иааны иҟоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0