ПМА аделегациа алахәылацәа асахьаҭыхратә цәыргақәҵа иаҭааит

© Sputnik / Томас ТхайцукПрезиденты Абхазии и ПМР посетили выставку картин в ЦВЗ
Президенты Абхазии и ПМР посетили выставку картин в ЦВЗ - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
ПМА аделегациа, атәыла Ахада Вадим Красносельски, зхадараҿы дыҟоу Аԥсны Аиааира амш аҳаҭыразы имҩаԥысуа аныҳәатә уснагӡатәқәа рыҽрыладырхәырц Аԥсныҟа иааит.

АҞӘА, цәыббра 29 — Sputnik, Бадри Есиава.  Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымбеи Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспублика Ахада Вадим Красносельскии Аиааира амшныҳәа иазку аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа рцәыргақәҵа иаҭааит. Ацәыргақәҵа мҩаԥысуеит Ацентртә цәыргақәҵатә зал аҟны.

Аԥсны Акультура аминистр Ельвира Арсалиаԥҳа иазгәалҭеит Аиааира Амш аламҭалаз ацәыргақәҵа аартра традициак аҳасабала ишьақәгыланы ишыҟоу.

"Иахьатәи ацәыргақәҵахь иаагоу аусумҭақәа Амилаҭтә галереиа афонд аҟынтәқәа роуп. Аибашьара аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа рырҿиара аибашьра аанӡатәии аибашьра ашьҭахьтәии ҳәа иашеит. Ирацәаҩны рқыцәқәа нышьҭаҵаны абџьар шьҭырхит. Иҟоуп изыхнымҳәыз", — лҳәоит аминистр.

Арсалыиаԥҳа ишылҳәаз ала асахьақәа реиҳарак рҟны иубо дара равторцәа аибашьраан ирывагылаз рҩызцәа, рықәлацәа, аибашьра ирызцәырнагаз ацәаныррақәа, ахәыцрақәа роуп.

Подписание соглашение - Sputnik Аҧсны
Аиқәшаҳаҭра ҿыц анапы аҵаҩуп

Ельвира Арсалыиаԥҳа иара убасгьы ирылалҳәеит мышқәак рнаҩс Москва имҩаԥысраны ишыҟоу Аԥснытәи асахьаҭыхыҩцәа рцәыргақәҵа.

Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла ахантәаҩы Витали Џьниа иҳәеит иахьатәи ацәыргақәҵаҿ ишыҟоу иҳалагылам, зыԥсҭазаара иалҵыз рҩызцәа Сергеи Габелиа, Тариел Амԥар, Заур Аџьба рырҿиамҭақәа.

"Аибашьра ҳашәхымс ианхыҵ, ҳсахьаҭыхыҩцәа Аԥсадгьыл ахьчара игылеит. Ҳсахьаҭыхратә ҵараиурҭа астудентцәа жәохәҩык Аԥсадгьыл рхы ақәырҵеит. Урҭ рҟынтәи хәҩык Аԥсны Афырхаҵа ҳәа ахьӡ рыхҵоуп, фҩык Леон иорден ранашьоуп, хҩык "Агәымшәараз" амедал ранашьоуп. Аӡәы макьаназ ихаҵара џьаргьы иарбам", — иҳәеит аидгыла ахантәаҩы.

Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспублика аделегациа, атәыла Ахада Вадим Красносельски, зхадараҿы дыҟоу Аԥсны Аиааира амш аҳаҭыразы имҩаԥысуа аныҳәатә уснагӡатәқәа рыҽрыладырхәырц Аԥсны иҟоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0