"Ԥсра зқәым аполк" Аԥсны ақалақьқәа рҟны имҩасуеит

© Sputnik / Томас ТхайцукБессмертный полк в честь Дня Победы
Бессмертный полк в честь Дня Победы - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Акциа "Ԥсра зқәым аполк" Аԥсны ақалақьқәа рҟны имҩасуеит цәыббра 30 рзы.

АҞӘА, цәыббра 29 – Sputnik, Сариа Кәарацхьелиаԥҳа. Акциа "Ԥсра зқәым аполк" Аԥсны ақалақьқәа рҟны имҩасуеит цәыббра 30 рзы, аха аамҭак алхны акәымкәа, доусы ишизыманшәалоу, ҳәа лҳәеит Лариса Ҭарԥҳа.

"Уи зыдҳәалоу ақалақьқәа дасу рхатәы программа ахьрымоу ауп", — лҳәеит лара.

Празднование Дня Победы в Сухуме - Sputnik Аҧсны
Аиааира амшныҳәа азгәаҭашьа апрограмма азырхиоуп

Аҟәа ақалақь аҟны акциа хацыркхоит асаҭ 12.00 рзы Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәаҟны, Апарламент ахыбра аҟынтәи.

Тҟәарчал ақалақь аҿы асааҭ 12.00 рзы.

Очамчыра – 11.00 рзы.

Гәдоуҭа акәзар – асааҭ 11.00 рзы.

Пицунда — 12.30 сааҭ рзы (Лӡаа).

Гагра ақалақь аҟны акциа мҩаԥгахоит жьҭаара 6 рзы, ақалақь ахақәиҭтәра амш аҽны.

Ажәабжьқәа зегьы
0