Джевеира Колосова афонд "Ашана" аанлыжьит

© Sputnik / Томас ТхайцукПресс-конференция АШАНА
Пресс-конференция АШАНА - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Агәыҳалалратә фонд "Ашана" аҟны акадыртә еиҭакрақәеи аусуреи ирызкыз апресс-конференциа мҩаԥысит аҩаша, жьҭаара 3 рзы.

АҞӘА, жьҭаара 3 – Sputnik, Сариа Кәарацхьелиаԥҳа. Апресс-конференциаҟны афонд анапхгаҩы Джевеира Колосова лҭыԥ шаанлыжьуазы аҳәамҭа ҟаиҵеит афонд ашьаҭаркҩы Беслан Шьакаиа.

"Дыҟоуп ауаҩы, зыда ҳфонд аусура уадаҩыз мамзаргьы зынӡа иҟамлоз. Уи афонд адиректор Джевеира Колосова лоуп. Лара Аԥсныҟа дааит Урыстәылантәи. Ирласны акоманда аиҿкаара лылшеит. Иахьазы лара ҳфонд аанлыжьуеит", — иҳәеит Шьакаиа.

Колосова лхаҭа ишылҳәаз ала афонд иахьазы иахьыҟоу аетап аҿы напхгаҩык аҽа напхгаҩык ила иԥсахра алшо иҟоуп.

"Ауаа агәыҳалалра аҽакала иазнеиуа иалагеит. Рҽырыԥсахит. Иара убасгьы ҳара ҳхықәкқәа иреиуан ҳфонд егьырҭ афондқәа рзы иҿырԥшыганы аҟаҵара. Уажәы ҳара иаабоит егьырҭ афондқәагьы аусура ишалагаз. Уи иаанаго агәыҳалалра Аԥсны аҽарҭбаауеит, иплоит ауаа ргәаҵақәа рҟны. Аханатәгьы сара снапы ианыз афонд аиҿкаара, аусура аларгара акәын. Уажәазы еилкаауп афонд шышьақәгылаз. Ус анакәха уи аусуразы иаҭахугьы аҽа уаауп", — лҳәеит лара.

Апресс-конференциаҟны Джевеира Колосова дыдлырдырит афонд "Ашана" адиректор ҿыц Мактина Џьынџьалԥҳа.

Афонд "Ашана" адиректор ҿыц еиҭалҳәеит ԥхьаҟатәи рыпланқәа ртәы. Лара лажәақәа рыла еиҭакра дук ҟалом, афонд аусура шцац иацнаҵоит.

"Акция "Аԥсҭазаара еицеиқәҳархап" ԥхьаҟагьы аҿиара аиуеит. Иара убасгьы асоциал ҵакы змоу апроектқәа ирылагахоит. Иҟоу еиқәырханы аиҵаҳара ҳалагоит", — лҳәоит адиректор ҿыц.

Мактина Џьынџьалԥҳа илҳәеит абарҭ апроблемақәа рыӡбразы афонд адунеи ахьынӡа-наӡааӡо инхо аԥсуаа реидкылара гәҭакны ишамоу.

"Уи азы атәым бызшәақәа здыруа, адипломатиатә ԥышәа змоу ауаҩы ҳишьҭоуп", — лҳәеит лара.

Мактина Джинджолия - Sputnik Аҧсны
Арадио
Џьынџьалԥҳа: агәыҳалалратә фонд "Ашана" ҳажәлар ахаҵгылара арҭоит

Аԥсны анҭыҵ инхо аԥсуаагьы ирҭахуп аратәи ахәыҷқәа ацхыраара рыҭара, аха уи атехникатә ҳасаб ала алыршара уадаҩуп. Уажәы афонд уи аҭагылазаашьа аиҭакразы аусура хацнаркуеит.

Афонд "Ашана" адиректор ҿыц Беслан Шьакаиеи Джевеира Колосовеи ҭабуп ҳәа ралҳәеит иҟарҵаз агәрагаразы, илҳәеит илылшо зегьы шыҟалҵало афонд шықәсыла ишьақәнаргылаз агәрагара ацәымӡырц азы.

Агәыҳалалратә фонд "Ашана" аԥҵан Аҟәа, 2008 шықәса рзы. Иара аиҳарак аусура рзырхоуп Аԥсны инхо. ачымазара ӷәӷәа змоу ахәыҷқәа рыхәышәтәра.

Ажәабжьқәа зегьы
0