Миленеи Леони аԥсуа диаспора ирԥылеит

© SputnikПрогулка Леона и Милены по Москве
Прогулка Леона и Милены по Москве - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Апроект "Ты супер! Танцы" алахәылацәа Милена Тачулиеи Леон Қапбеи Москва иҟоу аԥсуа диаспора ирыцны аокеанариум ахь инеит, екшн-фильм "Кингсман" иахәаԥшит.

АҞӘА, жьҭаара 4 – Sputnik, Сариа Кәарацхьелиаԥҳа. Ашәахьа, жьҭаара 2 рзы апроект "Ты супер! Танцы" алахәылацәа Милена Тачулиеи Леон Қапбеи Москва иҟоу аԥсуа диаспора ирыцны аокеанариум ахь инеит, екшн-фильм "Кингсман" иахәаԥшит. Абри атәы Sputnik акорреспондент илзеиҭаиҳәеит адиаспора ахаҭарнак Валери Кобахьиа.

"Аиԥылара ибзиан имҩаԥысит. Апроект зҽалазырхәырц Москваҟа инеиз ҳхәыҷқәа ақалақь аԥшӡарақәа дҳарбеит", — иҳәеит иара.

Иара ишиҳәаз ала Миленеи Леони ақалақь анҭыҵ ауп иахьынхо, уоуп аҽазыҟаҵарақәагьы ахьымҩаԥысуа. Уантәи Москваҟа аара мариам, аамҭагь рымам.

"Ҳныҟәара хықәкыс иаман ақалақь дырбара. Убас, ВДНХ иҟоу аокеанариум ахь инаагеит. Уи ашьҭахь акинотеатр ахь ҳцеит. Уа ицон афильм "Кингсман". Ахәыҷқәа уи гәахәарыла ирыдыркылеит" ҳәа еиҭеиҳәоит Кобахьиа.

Миленеи Леони зегь ринтерес рымоуп иҳәеит иара.

Апроект мҩаԥысуанаҵы адиаспора ахаҭарнакцәа ирыгәҭакуп "Ты супер" Танцы!" алахәылацәа рҭаара, нап рыдкылара.

Кобахьиа иажәақәа рыла аԥсуа диаспора ҳхәыҷқәа рықәгыларақәа ирыхәаԥшуеит, аконцертқәа рахь инеиуеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0