Ҳаџьымба: амармалташьтә пты ахыҵәара инадҳәалан акомиссиа аԥҵатәуп

© Sputnik Бадрак Авидзба Совещание у президента
Совещание у президента - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жьҭаарамза 9 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба ҳтәылаҟны амармалташьтә пты ахыҵәара апроблемазы аилацәажәара мҩаҧигеит.

АҞӘА, жьҭаара 10– Sputnik, Бадрҟ Аҩӡба. Аҳәынҭқарра ахада иазгәеиҭеит, ари азҵаара Аҧсны Аҳәынҭқарра адагьы, адунеи зегь аҿаҧхьа ӡбатәыс ишықәгылоу, апты ақәхразы аамҭа маҷымкәагьы ишаҭаху, Аԥсны иҟоу аҭагылазаашьа аҭышәныртәаларазы акомиссиа ҷыда шаԥҵатәу.

Иазгәеиҭеит, амармалташьтә пты анырҵәаразы иаҭаху ауснагӡатәқәа ирызку аԥаразоужьра абиуџьет аҟны ишазыԥхьагәаҭатәу. Адҵа ҟаиҵеит апты ықәызхуа ахәшәқәа раахәаразы аҧаратә хархәагақәа иааиуа ашықәс абиуџьет иаларҵаразы, иара убасгьы, иарбан хәшәқәоу иаҳа хәарҭара зауа еилыркааразы; ахәаҷа ақәхразы еиҳа иеиҕьу аамҭеи аҿҳәарақәеи шьақәдыргыларазы; аспециалистцәа адҧхьаланы иҷыдоу агәыҧқәа аҧырҵаразы.

"Иҟамлароуп апты ықәаҳхуеит ҳәа иахәҭоуи иахәҭами зегьы ахәшә рылаҳҭәо. Иалкаатәуп иара аҿагылара еиҳа ианыманшәалоу аамҭа. Ахәаҷа астадиаҟны ақәхра еиҳа лҵшәа аманы иԥхьаӡоуп, убри иақәыршәатәуп ахәшәыркрагьы", — иҳәеит Рауль Ҳаџьымба.

Аҧсны Аҳәынҭқарра аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа иатәу Аекологиа аинститут адиректор Роман Дбар иҳәеит ари ахәаҷа адунеи аҟны иахыҵәаны ишыҟоу.

Иара убри аан иазгәеиҭеит уажәазы ахәышәыркра иахәҭаны иҟоу алҵшәа шаанамышьҭуа.

"Амармалташьтә пты еиҳарак Китаи акәын иахьыҟаз, аха атауарқәеи ауааҧсыреи активла рнеиааира иахҟьаны амармалташьтә пты Китаинтәи Америкаҟа аларҵәара аиуит, анаҩс – Англиеи аконтиненталтә Европеи рахь, уантәи – ҳара ҳахь ииасит", — иҳәоит иара.

2013 шықәса рзы апты ахыԥхьаӡара уацәшәартә иҟамзар, аҵыхәтәантәи аҩышықәса рыла уи даараӡа еизҳаит ҳәа азгәеиҭеит аеколог.

Иара инарҵауланы иазгәеиҭеит урҭ рықәхразы иаарласны иҷыдоу аусмҩаҧгатәқәа рынагӡара алагара хымҧада ишаҭаху.

2017 шықәса ааԥынразы ахьҭақәа ахьыҟаз ирыхҟьаны апты маҷын.

Аԥсны ауааԥсыра даара агәҭынчымра рызнарҵысуеит аҭагылазаашьа.

"Ахьҭақәа аныҟалалак апты аҩнқәа ирыҩнало иалагоит, аԥхарра бзиа ирбоит. Уи ҳәарада ауаа рзы маншәалара амам", — иҳәоит Роман Дбар.

"Ахимиатә маҭәашьарқәа рыла аҩнқәа рҟны апты ақәгара иагьалшом, иагьшәарҭоуп", — иҳәеит Дбар.

Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Даур Ҭарба: апты ақәхразы аԥара рацәаны иаҭахуп

Роман Дбар амармалташьтә пты аҟазаара ԥсабаратә рыцҳароуп ҳәа азиҳәеит. Иазгәеиҭеит ауаагьы хаҭала иара ақәгара рҽазыршәалар шакәу.

"Аҩны иҩналаз аптқәа еизганы ибыллатәуп мамзаргьы аӡыршы рықәҭәалатәуп. Аплантациақәа ахимиатә хәышәтәра рзура лҵшәадоуп уажәазы, избанзар дара гәылҵхьеит", — иҳәеит иара.

Дбар иазгәеиҭеит апты ақәхраз еиҳа иманшәалоу аамҭаны ишыԥхьаӡоу иара ахәаҷа ҳасабла аҟазаараан.

Рауль Ҳаџьымба иҳәеит ауаа аилыркааратә дыррақәа шрыҭалатәу.

"Ари зеиҧш проблемоуп, уи ҳаидгыланы, ҳәоу еиқәшәарыла иаҳмыӡбар ада ҧсыхәа ҳамам", — иҳәеит иара.

Ақыҭанхамҩа аминистр Даур Ҭарба ишиҳәаз ала, апестицидқәа зегьы ианаамҭаз иааргеит, урҭ араионқәа зегь рахь идәықәҵоуп. Абиуџьет аҟынтәи урҭ ирықәхарџьын 8 миллион мааҭк. Аминистр иажәақәа рыла, урҭ ахәшәқәа рхыҧхьаӡара азхом ҳҵакырадгьыл зегьы аус адуларазы.

Иара убасгьы, иара иазгәеиҭеит жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа акыр ацхыраара шыҟарҵаз ахәшәқәеи иақәнагоу амаҭәеи раагараҟны. Уи адагьы, Даур Ҭарба иазгәеиҭеит апты иаҿагыланы ақәҧараҟны урыстәылатәи агангьы ацхыраара аҭара ишазыхиоу.

Ажәабжьқәа зегьы
0