Иԥсҭазаара далҵит Григори Погосиан

© Sputnik / Томас ТхайцукПогосян
Погосян - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Григори Погосиан – абаҩырҵәыреи аспорти рзы зҽаԥсазтәыз аусзуҩ, амилаҭтә категориа аӡбаҩ, аорден "Ахьӡ-аԥша" занашьаз иԥсҭазаара далҵит.

АҞӘА, жьҭаара 12– Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Григори Погосиан – абаҩырҵәыреи аспорти рзы зҽаԥсазтәыз аусзуҩ, амилаҭтә категориа аӡбаҩ, аорден "Ахьӡ-аԥша" занашьаз иԥсҭазаара далҵит.

"Григори Погосиан иуацәеи иҭынхацәеи срыдашшылоит. Аԥсуа шьапылампыл азы Григори Пагосиан иҟамзаара хьаа духоит. Иара дреиуан Асовет Еидгыла ахәмаррақәа раԥхьатәи рыӡбаҩцәа", — иҳәеит Sputnik аинтервиу азҭаз Аԥсны ашьапылампыл азы Афедерациа ахада Џьума Кәарацхьелиа.

Иара иажәақәа рыла Погосиан иԥсҭазаара абжеиҳара ашьапылампыл иазкын, аӡбра иазкын.

"Аԥсны ачемпионатқәа зегьы рҟны ӡбаҩыс дыҟан. Григори Погосиан ауҩ ду, ауаҩы раз ҳәа ззырҳәоз иакәын. Иус бзианы идыруан. Аҿар еиҵаиааӡон", — иҳәоит Џьума Кәарацхьелиа.

Григори Погосиан ипрофессионалтә кариера ахы икит хәмарҩык иҳасаб ала. 1968 шықәса рзы иара даларҵеит СССР ачемпионат амаҵ азызуаз аӡбаҩцәа ркоманда. Аа-шықәса рыҩныҵҟа иреиӷьу аӡбаҩцәа жәаҩык дырхыԥхьаӡалан. Уи адагьы Григори Погосиан жәларбжьаратәи ахәмаррақәа рыӡбрагьы далахәын.

Ҩынҩажәа шықәса инарзынаԥшуа Григори Погосиан Аԥсны имҩаԥысуаз ахәмаррақәа рҟны ӡбаҩыс дыҟан. Иара ихыҵуан 82 шықәса.

Ажәабжьқәа зегьы
0