Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрс дҟаҵоуп Гарри Аршба

© Sputnik / Томас ТхайцукМВД
МВД - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба иахьа инапы аҵеиҩит Аусԥҟа, Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ҿыц иаҭаразы.

АҞӘА, жьҭаара 12 — Sputnik. Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба иахьа инапы аҵеиҩит Аусԥҟа, Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрс аинрал Гарри Аршба иаҭаразы. Абри атәы аанацҳауеит Ахада иофициалтә саит.

© Фото : из личного архива Гарри АршбаГарри Аршба
Гарри Аршба - Sputnik Аҧсны
Гарри Аршба

Гари Аршба абри аҭыԥ аҟны диԥсахит 2016 шықәса нанҳәамза аахыс министрс иҟаз Аслан Кобахьиа.

Гарри Аршба диит 1969 шықәса рзы. Аҵара иҵон Ставропольтәи Иреиҳаӡоу азиндырратә милициатә школ аҟны. 1993 – 1998шш. рзы аус иуан Ставропольтәи атәылаҿацә Аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭаҿы.

1999ш. рзы Нхыҵ Кавказ еиҿкаарылатәи ацәгьоурақәа ирҿагылан ақәԥаразы Аусбарҭаҿ иҷыдоу аусқәа знапы иану оперативтә усзуҩ еиҳабыс дыҟан.

2001 – 2008шш. рзы аус иуан Урыстәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рорганқәа рсистемаҿы. 2008 шықәса рзы Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра ашьаустә ԥшаара Аусбарҭа анапхгарахь днаган.

2010 шықәса абҵарамза инаркны Аҟәа ақалақь Аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аиҳабы актәи ихаҭыԥуаҩыс дыҟоуп. 2011шықәса инаркны Аҟәа ақалақь Аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аиҳабы инапынҵақәа неигӡоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0