Гәарамиа: аиубилеи ашықәсан ААУ аусура ду мҩаԥнагеит

Анапаҵаҩра
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аԥҵоижьҭе 85 ҵуеит аҩаша жьҭаара 17.

АҞӘА, жьҭаара 13 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аиубилеи ашықәсан Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аусура ду мҩаԥнагеит, иҳәеит аректор Алеко Гәарамиа Аԥсуа телерадиоеилахәыраҿы апресс-конференциа аамҭазы аԥшьаша жьҭаара 12.

Ауниверситет 85 шықәса ахыҵразы иҭҳажьит арҵаҩцәа рыҭҵааратә усумҭақәа реизга, хазы асутудентцәа ртәы. Иҭыҵит амонета "ААУ-85", афакультетқәа зегьы рҿы имҩаԥаҳгеит аҭҵаарадырратә, акультуратә уҳәа аусмҩаԥгатәқәа, ҳтәыла анҭыҵтәи аҵараиурҭақәа русзуҩцәа алархәны", — инациҵеит иара.

Иара уи адагьы, аректор иҳәеит, сынтәа ААУ аҭоурыхтә факультет 80 шықәса ахыҵра шазгәарҭазгьы.

"Жьҭаара 17 инаркны 19 нӡа аара иалагоит асасцәа Урыстәыла, Ҟарабах, Приднестровиа, Донецктәи Лугансктәи Жәлар Республикақәа рҟнытә. 2006 шықәса рзы иаԥаҳҵеит ишьақәгылаз аҳәынҭқаррақәа руниверситетқәа рассоциациа, Аԥсныи Нхыҵ Уаԥстәылеи аназхарҵ ашьҭахь иҿыцу ихьыԥшым аҳәынҭқаррақәа рассоциациа ҳәа ахьӡхеит", — иазгәаиҭеит ААУ аректор.

Алеко Гәарамиа иҳәеит, апедагогикатә институт аус анауаз аамҭазы 24 заанаҭ шыҟаз, иахьа еиуеиԥшым 42 рыла аҵара рҵоит.

Аректор инаҵишьит, абҵара 6 рзы Оксфордтәи университет ахь ааԥхьара шимоу.

"Иреиҳаӡоу аҵараиурҭақәа рнапхгаҩцәа иалацәажәоит европатәи ашагазагақәа ирықәшәо аҵараиурҭақәа рҿы аусура аиҿкаара",- иазгәаиҭеит Гәарамиа.

Аибашьра ашьҭахь ААУ аҿы 130 акандидадтәи, 18 адоктортәи адиссертациақәа хьчан, ари даара ибзиоуп ҳәа дахәаԥшуеит иара.

Нацбанк выпустил памятную монету Апсар в честь 85-летнего юбилея АГУ - Sputnik Аҧсны
Агәалашәаратә монета "Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет – 85" ҭыжьуп

"Аҳәынҭқарраҿы иаҳа иаҭаху ҳәа иалкаахаз азанааҭкәа ртәы ҳҳәозар, уи амилаҭҭә ҵараиурҭаҿы иҟам ауп. Ҵыԥх Белорусиа иазаушьҭын 40 ҭыԥ, Аԥсны 160, ари иашаӡам. Белорусиа иҟоуп аҵараиурҭақәа жәпакы, дара ирҭахым уа ирымоу азаанаҭқәа рыла аспециалистцәа. Ҳара ҳакәзар, аибашьра ашьҭахь Урыстәыла зегьы иазхаша архитекторцәа азыҟаҳҵеит", — инаҵаишьит иара.

́ААУ аԥҵан Жәлар ркомиссариат жәабран 4 1932 шықәсазы иҟанаҵаз ақәҵарала, Агропедегогикатә институт ҳәа ахьыӡҵаны. 1933 шықәса рзы А.М.Горьки ихьӡ зху Аҟәатәи аҳәынҭқарратә апедагогикатә институт ахь ииаган. 1979 шықәса рзы ААУ ҳәа иҟаҵан.

Ажәабжьқәа зегьы
0