Гәарамиа: аибашьра ашьҭахь адоктортә диссертациақәа 18 хьчоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукТоржественная часть конференции 90-летие НИИЭПиТа
Торжественная часть конференции 90-летие НИИЭПиТа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аректор Алеко Гәарамиа далацәажәеит аҵаратә усҳәарҭа 85-шықәса ахыҵра атәы.

АҞӘА, жьҭаара 13– Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аибашьра ашьҭахьтәи аамҭақәа ирылагӡаны Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны ихьчоуп 18 доктортә диссертациеи 130 кандидаттә диссертациеи, ари даара агәахәара узҭаша рбагоуп ҳәа иҳәеит Аԥсуа ҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра аҟны апресс-конференциаҿ аректор Алеко Гәарамиа.

Аиубилеитә шықәс азы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аусура маҷымкәа имҩаԥнагеит. ААУ иҭнажьит арҵаҩцәеи астудентцәеи русумҭақәа, иҭыжьуп аԥсар "ААУ-85", афакультетқәа зегьы рҟны имҩаԥган аҭҵаарадырратә, акультуратә уснагӡатәқәа, иааԥхьан аҳәаанырцәтәи аҵарауаа. Уи адагьы сынтәа аҭоурыхтә факультет иазгәанаҭеит 80 шықәсатәи аиубилеи.

"Жьҭаара 17-19 рзы Урыстәыла, Ҟарабах, ДНР, ЛНР, Пориднестровие рҟынтәи асасцәа ҳарзыԥшуп. 2006 шықәса рзы иаԥаҳҵеит ахалахатәҳәаақәҵара змоу аҳәынҭқаррақәа руниверситетқәа Рассоциациа, Аԥсни Уаԥстәылеи разхаҵара ашьҭахь ахьӡ ҳаԥсахит иҿыцӡоу ихьыԥшым аҳәынҭқаррақәа руниверситетқәа Рассоциациа", — иҳәеит иара.

Алеко Гварамия - Sputnik Аҧсны
Гәарамиа: аиубилеи ашықәсан ААУ аусура ду мҩаԥнагеит

Алеко Гәарамиа иҳәеит арҵаҩратә институт аусураан 24 специальность азыԥхьагәаҭазҭгьы, уажәы уи ахыԥхьаӡара 42 ыҟоуп. Иара иазгәеиҭеит абҵара 6 рзы Оксфордтәи ауниверситет ахь анаԥхьара шимоу. Хықәкылатәи аҿаҵа далацәажәо аректор иҳәеит хәыда-ԥсада аҳәаанырцәа аҵарахьы ишьҭу рыхынҳәра азҵаара иалацәажәатәуп ҳәа.

"Чечниа ишьақәыргылоуп аҵараиурҭа ашьҭахь хәы-шықәса хымԥада аусура. Ҳара ҳҿы ус изыҟамлозеи?" — иҳәеит иара.

Нацбанк выпустил памятную монету Апсар в честь 85-летнего юбилея АГУ - Sputnik Аҧсны
Агәалашәаратә монета "Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет – 85" ҭыжьуп

Аԥсны Наркомпрос ақәҵарала жәабран 4 1932 шықәса рзы иаартын Агрорҵаратә институт. 1933 шықәса рзы уи А.М. Горьки ихьӡ зху Аҟәатәи арҵаҩратә институт ҳәа иԥсахын.

1979 шықәса рзы аинститут ауниверситет ахь ииаган.

Ажәабжьқәа зегьы
0