Аԥснытәи аҿар Шәачатәи афестиваль ахь ицеит

© Sputnik Анжелика БенияДелегация из Абхазии отправляется на Всемирный фестиваль молодежи и студентов, в котором примут участие более 20 тысяч человек из 180 стран мира пройдет в Сочи в воскресенье 15 октября.
Делегация из Абхазии отправляется на Всемирный фестиваль молодежи и студентов, в котором примут участие более 20 тысяч человек из 180 стран мира пройдет в Сочи в воскресенье 15 октября. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҿари астудентцәеи Жәларбжьаратәи афестиваль иалахәхоит 180 тәыла рҟынтә 20 000-ҩык аҿар. Афестиваль аартхоит амҽыша, жьҭаара 20 рзы.

АҞӘА, жьҭаара 13 — Sputnik, Анжелика Бениаԥҳа. 50-ҩык инареиҳаны аделегатцәа Аԥснынтәи амҩа иқәлеит Шәачаҟа аҿар рфестиваль рҽаладырхәырц. Абри атәы аалыцҳауеит Sputnik акорреспондент.

Аҿари астудентцәеи Жәларбжьаратәи афестиваль иалахәхоит 180 тәыла рҟынтә 20 000-ҩык аҿар. 

Афестиваль еихшахоит еиуеиԥшым асекциақәа рыла: анаука, аполитика, аекономика, аҟазара, аспорт уҳәа.

Аԥснытәи аделегациа иалоуп еиуеиԥшым ахырхарҭақәа знапы рылаку аҿар ҳәа лҳәоит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны иаԥҵоу адипломатцәа ҿарацәа Рхеилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Викториа Маланиаԥҳа.

Микрофон - Sputnik Аҧсны
Sputnik Жәларбжьаратәи афестиваль амҩаԥысшьа иазҿлымҳазаауеит

"Ҳара ҳҽазаҳшәеит аусхкқәа зегьы ирылахәхаша аҿар реидкылара. Сгәы иаанагоит Аԥсны иахәҭоу аҩаӡарала дырбара ҳалшап ҳәа", — лҳәоит лара.

Викториа лажәақәа рыла афестиваль аҟны зегь раԥхьаӡа акәны имҩаԥгахараны иҟоуп адипломатцәа ҿарацәа рфорум. Уахь инаԥхьоуп Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны иаԥҵоу адипломатцәа ҿарацәа Рхеилак ахаҭарнакцәагьы.

"Сгәы иаанагоит асеиԥш иҟоу афестивальқәа ԥхьаҟагьы ҳрылахәхалап ҳәа. Афестиваль ахь иааԥхьоу атәылақәа ирылахәхеит исуверентәу демократиатә тәыланы Аԥсынгьы. Уи иаҵанакуа рацәоуп", — лҳәеит лара.

Иналукааша Жәларбжьаратәи аҿартә форум аартра аҟынӡа иаанхеит ҩымш. Адунеи ахы аҵыхәа аҟынтәи Шәача рҽеидыркылоит иреиӷьӡақәоу ҳәа иршьо аҿар рхаҭарнакцәа. Урҭ ирԥылоит аволантиорцәа. Уажәы дара ахыркәшаратә треннингқәа ирхысуеит.

Олимпийский Сочи с борта вертолета - Sputnik Аҧсны
Аԥснытәи аҿар алахәхоит Жәларбжьаратәи адунеизегьтәи афестиваль

Аҿари астудентцәеи Жәларбжьаратәи адунеизегьтәи рфестиваль амҩаԥгаразы аӡбра рыдкылан 1945 шықәса рзы, аҩбатәи адунеизегьтәи аибашьра ашьҭахь, Лондон, адунеизегьтәи аконференциа "Аҿар аҭынчразы" аҟны.

Аԥхьатәи афестиваль мҩаԥган 1947 шықәса рзы Прага ақалақь аҟны. Иара иалахәын 71 тәыла рҟынтәи 17 000-ҩык аҿар. Имҩаԥысуан фымчыбжь инарзынаԥшуа.

1957 шықәса рзы Москва имҩаԥысит афбатәи афестиваль. Иара иалахәын 131 тәыла рҟынтәи 34 000-ҩык аҿар.

Ажәабжьқәа зегьы
0