Агәыҳаларатә фонд "Ашана" хылаԥшра зырҭо Микаель Хелаиа дырхәышәтәит

© Sputnik / Томас ТхайцукМикаэль Хелая
Микаэль Хелая - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Микаель уажәы Москва дыҟоуп, мызкы ашьҭахь иани иареи Аԥсныҟа иаауеит, иандуи иабдуи рахь.

АҞӘА, жьҭаара 17-Sputnik. Сариа Кәарацхьелиаԥҳа. Агәыҳаларатә фонд "Ашана" хылаԥшра зырҭо ҩышықәса зхыҵуа Микаель Хелаиа, ишьапқәа ииашан изыргылом, еицаԥан. Соловиов ихьӡ зху Иарославтәи ақалақьтә хәышәтәырҭаҿы иара дыԥҟан, абри атәы Sputnik акорреспондент изеиҭалҳәеит афонд аиҳабы Мактина Џьынџьалԥҳа.

"Арҭ амшқәа рзы Микаель иан Мариана Хелаиа дасны иҳалҳәеит, аҳақьымцәа ишырҭахыз еиԥш аоперациа шымҩаԥысыз", — лҳәеит Џьынџьалԥҳа.

Данԥырҟа ашьҭахь Микаель ишьапқәа агиԥс иҭарҵеит, уи ԥшьымчыбжьа иныҟәыигар ауп, анаҩс агипс абреис ала ирыԥсахуеит.

Уажәы иара Москва, аҩны дыҟоуп, игәы бзиоуп. Мызкы ашьҭахь иани иареи Аԥсныҟа иаарц ргәы иҭоуп.

"Мариана Хелаиа иҭабуп ҳәа ралҳәоит лыҷкәын ишьапы дықәгылартә еиԥш ацхыраара изҭаз зегьы", — лҳәеит Мактина Џьынџьалԥҳа.

Микаэль Хелая - Sputnik Аҧсны
Микаель Хелаиа Иарославль изыԥшуп

Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" аԥареизгара хацнаркит ҩышықәса зхыҵуа Микаель Хелаиа изы 2017 шыкәса нанҳәа мзазы.

"Микаель иҭаацәа афонд ахь иааит ацхыраара иаҳәарцаз. Иаразнак аԥара еизгара ҳалагеит. Ҽнак зны даҳзасит зыхьыӡ зымҳәаз аӡәы, Микаель ихәшәтәразы иаҭахыз аԥара ахшәаара зегьы зхыхьы изгаз. Уаанӡа иара ихьӡала еизгаз аԥарақәа Аслана Џьынџьалԥҳа лахь иҳархеит", — еиҭалҳәеит Џьынџьалԥҳа.

Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" аԥҵан Аҟәа 2008 шықәса рзы. Афонд Аԥсны иқәынхо, аҽыхәшәтәра зҭаху ахәыҷқәа рзы аԥара еизнагоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0