Ареспубликаҿы ахәыҷқәа алаҵа рылаҵара хацыркуп

© Fotolia / UrsuleАмпула и шприц
Ампула и шприц - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аимҳәа иаҿагыланы алаҵа рылаҵатәуп зегьы.

АҞӘА, жьҭаара 17 — Sputnik, Сариа Кәарацхьелиԥҳа. Ареспубликаҿы ахәыҷқәа алаҵа рылаҵара хацыркуп. Аимҳәа иаҿагыланы алаҵа рылаҵатәуп зегьы лҳәеит аҳақьым-апедиатор Ада Абыхәԥҳа.

"Ҳара иҳауит аимҳәа ԥсыҽызтәуа авакцинақәа. Есышықәса авакцина аилазаара рыԥсахуеит, аепидемиологиатә ҭагылазаашьа иаҿырԥшны. Сынтәа иҳауз авакцина иалоуп аимҳәа А, авирус В ҿаԥызҽуа антигенқәа", — лҳәеит лара.

Ареспубликаҿы аимҳәа аепидемиа рыламҵәарц азы ахәыҷы инеиркны аду иҟынӡа алаҵа рыларҵароуп.

"Лассы-лассы ичмазаҩхало ахәыҷқәа, ахәыҷ баҳчақәа, ашколқәа рахь иныҟәо – зегьы алаҵа рыларҵароуп", — лҳәеит аҳақьым-апедиатр.

Адуцәа реилазаара аҟынтәи хымԥада алаҵа рыларҵароуп аҵаратә усҳәарҭақәа рырҵаҩцәа, амедицинатә усзуҩцәа, аррамаҵзурауаа.

Абыхәԥҳа ишылҳәаз ала алаҵа уажәоуп ианыҟаҵатәу – ачымазара алаҵәара анамам. Аԥсны ауаа рацәак бзиа ирбом алаҵа аҟаҵара лҳәоит аҳақьым. Иҟоуп алаҵа зынӡаскгьы хәарҭара амам ҳәа изшьогьы.

Аҳақьым лажәақәа рыла авакцина ачымазарақәа зегьы ԥнарҟәҟәаауа иҟам, аха алаҵа ззыҟаҵоу ауаҩы ичымазара еиҳа иԥсыҽны ихигоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0