Гәлиа Аԥсны-Урыстәылатәи аусутә форум иазкны: аинтерес ду амоуп

© Sputnik Бадри Есиава Заур Гулиа
Заур Гулиа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
VIII Аԥсны-Урыстәылатәи аусутә форум аӡыргара мҩаԥысит ахәаша, жьҭаара 20 рзы Sputnik аҿы имҩаԥысуаз апресс-конференциаҟны.

АҞӘА, жьҭаара 20 – Sputnik, Бадри Есиава. Ишытрадициахахьо еиԥш аинтерес ду аҵоуп VIII Аԥсны-Урыстәылатәи аусутә форум амҩаԥысра иҳәеит ахәаша, жьҭаара 20 рзы Sputnik аҿы имҩаԥысуаз апресс-конференциаҟны Аԥсны Аекономика аминистр ихаҭыԥуаҩ Заур Гәлиа. Иара иажәақәа рыла афорум иалахәхоит 350-ҩык рҟынӡа ауаа.

"Ҳара ҳазыхиоуп 350-ҩык рҟынӡа алахәылацәа рыдкылара. Афорум еснагь еиԥш аинтерес ду рымоуп", — иҳәеит иара.

Гәлиа иазгәеиҭеит есышықәсатәи аусутә форум аныԥшра шрызнауа ареспублика аекономика, аҳәынҭқарратә политика. Уи ус шакәу унарбоит афорум ашьҭахь ирыдыркыло аиқәшаҳаҭрақәа, иаадыртуа анаплакқәа.

Аԥсны иҟоу Урыстәыла ахәаахәҭратә хаҭарнак Владимир Некрасов иҳәоит Аԥсни Урыстәылеи афедералтә ҩаӡареиԥш арегионалтә ҩаӡаралагьы аусеицура мҩаԥыргоит ҳәа. Уи иалнаршеит атәылақәа аҩба рыбжьара атауареикәыршара 24 миллиард мааҭ артәо иҟалеит ҳәа азгәеиҭоит ахәаахәҭратә хаҭарнак.

"Иахьазы шамахамзар Урыстәыла арегионқәа зегьи Аԥсни аусутә еиқәшаҳаҭрақәа рыбжьоуп. Аус еицыруеит", — иҳәоит иара.

Некрасов иазгәеиҭеит VIII Аԥсны-Урыстәылатәи аусутә форум амҩаԥысра аҳәаақәа ирҭагӡаны ишеиҿкаахо астол гьыжьқәа ԥшьба. Урҭ рхы рыладырхәырц аҳәара ҟарҵахьеит Краснодари Ставрополи ртәылаҿацәқәа рхаҭарнакцәа, ҞБА, ҞЧА, Ҟрым рхаҭарнакцәа.

VIII Аԥсны-Урыстәылатәи аусутә форум мҩаԥысуеит Аҟәа, жьҭаара 27 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0