Ахатәы бызшәазы аӷарра

© Sputnik Томас ТхайцукАрхивтә фото
Архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа бызшәа иахьа ахархәара ахьынӡамоу атәы дазааҭгылоит ажурналист Елеонора Коӷониаԥҳа.

Аҩреи апхьареи ҳарҿиеижьҭеи абар 100 шықәса иреиҳауп. 1912 шықәсазы Дырмит Гәлиа ишәҟәы "Ажәеинраалақәеи ахьӡыртәрақәеи" анҭыҵ нахыс, ашьапы акит аԥсуа сахьаркыратә литеартаура, анаҩс, ишьақәгылеит алитературатә бызшәа ҳәа ҳзышьҭоу, уи официалтә бызшәагьы шьаҭас иаиуит.

Ҳазҭагылоу аамҭазы ҳара иҳамоуп ателехәаԥшреи арадиои, агазеҭқәа, ажурналқәа, ашколқәа уҳәа, абызшәа зырҿиаша маҷымкәа. Аха, аибашьра ашьҭахьтәи аԥсҭазаараҿы игәаҳҭо ҳалагеит, ԥсышәала дасу ишиҭаху дцәажәо, дыҩуа иҟало ишалагаз. Иахьа, Аԥсны иҟоу ашколқәа зегьы рҿы, аҵара зларҵо программак ауп, ус анакәха, алитеартуратә бызшәа ахархәашьа, аҩышьаԥҟарақәа урҭ ашколқәа ирылгаз зегьы ирдыруазароуп, ишалгаз азы аршаҳаҭга рнапы иакызар. "Дцәажәаалааит ус, дыҩлааит ус, ишакәхалак иҳәандаз", ҳәа агәаанагара ҿио иалагеит. Ишакәхалак уҩуа, уцәажәо иҟалозҭгьы, адунеи аҿы аԥҟарақәа аԥырҵарымызт. Абри аамҭазы, урысшәала ицәажәо гхак ҟаиҵар, дҵарадоуп ҳәа изырҳәоит. Ишԥаҟло ас? Ԥсышәала гха гәарҭак аҭаны уҩуазар, уцәажәозар акымзарак, даҽа бызшәак ухы ианаурхәо агха ҟауҵар иԥхашьараны?

Агазеҭ Аԥсны - Sputnik Аҧсны
Агазеҭ "Аԥсны", нас уи аԥхьаҩцәа

"Аҳәынҭқарратә бызшәазы азакәан" иҳамоу ҳазааҭгылозар, иахьатәи аԥсуа ҳәынҭқарраҿы анагӡара шамам лабҿаба иаҳбоит. Хара ицатәым аҿырԥштәы азы. Иаҳхысыз Апарламенттә алхрақәа раамҭазы, адепутатрахь акандидатцәа реиҳараҩык аԥсшәа рыздыруамызт, азакәан 2-тәи ахәҭаҷ "ирдыруазароуп" ҳәа шанугьы, ирԥырхагахаз акгьы ыҟам Алхратә комиссиа хадаҿы ашәҟәы аҽанҵаразы.

Ҽыҵгас иҟоуп, алхрақәа рзакәан аиҭакрақәа аналаргалоз, акандидат абызшәа идыруоу изымдыруоу аилкааразы аԥышәара шымҩаԥгатәу азы акгьы ахьанырымҵаз. Апарламент аҿы иҟоуп "абызшәатә политиказы" акомитет, аха ари азҵаатәы гәыгәҭажьны иаанхеит, убри иахҟьаны сынтәа иалху Жәлар реизараҿгьы аԥсшәа ахархәара ишахәҭоу иамазаауеит ҳәа аҳәара уадаҩуп, акандидатцәа рӷьырак ателе-дебатқәа раамҭазы ԥсышәала ишзымцәажәоз ҳахәаԥшны иаҳҳәозар.

Алхҩы иакәзар, уамак дацклаԥшуам депутатс иалихуа аҳәынҭқарратә бызшәа идыруоу, изымдыруоу. Акандидатцәа ықәзыргыло аполитикатә еиҿкаарақәагьы, уи уамак ихьааргом. Аус злоу, "дара ртәы" даиааироуп. Абарҭ зегьы еилаланы, аԥсуа бызшәа аҭархара иацхраауеит. Ухы иазумуа, уаӷа иузиуам рымҳәои аԥсуаа…

Ҳара ҳзакәан инақәыршәаны, иахьа аус зуа ачынуаа зегьы ирдыруазароуп аҳәынҭқарратә бызшәа. Ус иҟоу иҟаму аилкааразы ателевизор аҿаҳкыр иаҳбоит, атәыла анапхгара реизарақәа инеиԥынкыланы урысшәала ишымҩаԥысуа.

Ҳтелехәаԥшра аредакторцәа атәыла ахада иҟынтәи иаауа ашәҟәқәа реиҭагара аамҭа ду ақәдырӡуеит, избанзар, хыхь итәо ацхырааҩцәеи, апресс-маҵзура аусуҩцәеи рӷьырак ԥсышәала ишақәнагоу аҩышьа рыздыруам, мамзаргьы аԥсшәа зынӡа ираҳауам. Амчра ахаҭарнакцәа аҳәаразы ирҳәоит "ҳбызшәа еиқәырхатәуп" ҳәа, аха аҭыԥқәа ршараан хырҩа азыруеит, аҳәынҭқарратә бызшәа.

Апарламент. - Sputnik Аҧсны
Ақьаад ианхалаз азакәан

Ус ҟалоит, азакәан унавсны, ауа, аҭынха, ма адыр усура дугарц ануҭаху. Абри "ачымазара" еиланагоит инеиԥынкыланы "Аҳәынҭқарратә бызшәазы азакәан". Азакәан захьӡу анҭыц, ма аус ауроуп, ма баша ақьаад ианымзароуп. Иахьа иҿио аинтернет бызшәа ҳазааҭгылозар, аԥсуа бызшәа аицакра анубаалоит. Дасу ишиҭаху дыҩуеит, нормак дықәымныҟәакәа. Апунктуациа акәзар, иазхьаԥшуа маҷҩуп. 

Алитературатә бызшәа анормақәа реицакра рнубаалоит ҳаԥсҭазаара аганқәа зегьы: аофициалтә қәгыларақәа, еиуеиԥшым азҵаатәқәа рзы ахҳәааҟаҵарақәа, аинтернет ԥсҭазаарагьы налаҵаны. "Алитературатә бызшәа анормақәа здыруагьы, цас иҟарҵошәа, еиларгоит. Ма адиалектизмқәа аларҵоит, мамзаргьы ииашаны еиҿартәны ицәажәом, ашьҭыбыжьқәа ԥсахны ианырҳәо убап. Уи мап зҳәада, аха аофициалтә ҟазшьа анамоу алитературатә бызшәа шыҟоу ухоумыршҭлар акәӡами?!", — абас иҩуеит ари аҭагылазаашьа гәазҭаз апоет Алхас Чхамалиа феисбуктәи идаҟьаҿы.

Аабыкьа, имҩаԥысуан "тотальныи диктан" захьӡу, урысшәала аҩразы аԥышәара. Уи зыҟарҵо аурыс бызшәа иаҭагылазаашьу агәаҭаразоуп, ауаа рхы ԥыршәоит аҩышьа шырдыруа азы. Ажәалагала сымоуп, ачынуаа, арҵаҩцәа, астудентцәа уҳәа, изҭаху зегьы алархәны, аԥсышәала адиктант ма, аиҭаҳәа ҩразы аԥышәара амҩаԥара. Уи ҳбызшәа аҭагылазаашьа аҭҵааразы ихәарҭахоит. Ухатәы бызшәазы уӷарзар, даҽа бызшәак аҿы убеианы ҟалашьа амаӡам.

Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит

Ажәабжьқәа зегьы
0