Аԥсны аусдкылаҩцәа реицлабра аихшьаалақәа ҟаҵан Аҟәа

Анапаҵаҩра
Аусдкылаҩцәа рыбжьара есышықәсатәи амилаҭтә еицлабра, Аԥсны аекономика аминистрреи Ахәаахәҭра-ааглыхратә палатеи еиҿыркааз рылаҳәан жьҭаара мза алагамҭаз 2017 шықәса рзы.

АҞӘА, жьҭаара 27 — Sputnik, Бадри Есиава. VIII Аԥсны- Урыстәылатәи аусутә форум апленартә еилатәара аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсны аусдкылаҩцәа рконкурс аихшьаалақәа ҟаҵан.

Аԥсны аекономика аминистр Адгәыр Арӡынбеи Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата ахантәаҩы Геннади Гагулиеи аицлабра еиуеиԥшым аноминациақәа рҿы аиааира згаз аԥхьахәқәеи аҳаҭыртә шәҟәқәеи ранаршьеит.

"Иреиӷьу ааглыхратә аалыҵ ҭзыжьуеи ҳтәыла анҭыҵ изҭиуеи" ҳәа иалкаан анаплакы "Аԥсны аҩқәеи аӡқәеи". "Иреиӷьу аурыс-аԥсуа усеицура" — иарку акционертә еилазаара "Аҟәафон – GSM". "Акурортә-туристтә хырхарҭаҿы иреиӷьу ргылараны" иалкаан апансионат "Сосновая роща" ООО "Лооди". "Иреиӷьу акрыфарҭа" ҳәа – аресторан "Ерцахә". Ахәаахәҭра аганахьала иреиӷьу анаплакы ҳәа иалкаан "АЗиД", ақыҭанхамҩаҿы акәзар "АВАИ-АГРО". Аусдкылаҩцәа рыбжьара амилаҭтә еицлабраҿы "Ашықәсан зхы аазырԥшыз" ҳәа иԥхьаӡан Ареспубликатә унитартә наплакы "Аҟәатәи ахш зауад".

Аусдкылаҩцәа рыбжьара есышықәсатәи амилаҭтә еицлабра, Аԥсны аекономика аминистрреи Ахәаахәҭра-ааглыхратә палатеи еиҿыркааз рылаҳәан жьҭаара алагамҭаз 2017 шықәса рзы.

VIII Абхазо-российский деловой форум - Sputnik Аҧсны
Аԥсны–Урыстәылатәи аусутә форум аҟны раԥхьатәи аиқәшаҳаҭрақәа анапы рыҵаҩуп

Аицлабра аиҿкааҩцәа ражәақәа рыла, иара хықәкы хадас иамоуп аҳәынҭқарра аганахьала аҭыԥантәи аусдкылаҩцәа русура ахә ашьара, атәыла аекономика аҿиараҿы урҭ рлагала азгәаҭара.

Аицлабра иалахәхараны иҟоу алыркаауан аиҿкааратә гәыԥ, уи иалан аекономика аминистр, ААП ахада, иара убас ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистр. Асиаҿы иарбан Аԥсны иҟоу 50 наплакы.

Жьҭаарамза 27 рзы Аҟәа ақалақь аҿы аус ауеит VIII Аԥсны- Урыстәылатәи аусутә форум. Афорум аиҿкааҩцәа – Урыстәылатәи Афедерациа аекономикатә ҿиара Аминистрреи Аҧсны аекономика Аминистрреи.

Ажәабжьқәа зегьы
0