Апты анырҵәаразы ахәшәқәа Аԥсныҟа иаагоуп

© Полит.руКлоп коричневый мраморный щитник (Halyomorpha halys)
Клоп коричневый мраморный щитник (Halyomorpha halys) - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Амармалташьтә пты Аԥсны раԥхьаӡа акәны ицәырҵит 2014 шықәса рзы, иара макьана аҭыԥантәи аԥсабара иаламҵәац, уи ауп ахәаҷа-маҷа зфашагьы зцәырымҵыц, уи дара рхыԥхьаӡара акырӡа иланарҟәрын.

АҞӘА, жьҭаара 31 – Sputnik, Амра Амҷԥҳа. Ақыҭанхамҩа аминистрраҿы жәларбжьаратәи ахеилакқәа ирыбзоураны агәыҳалалратә цхыраагӡа аҳасабала иаагоуп 2300 литра ахәшә, иара убас 2300 цыра апты злаукша амаругақәа, абри атәы Sputnik акорреспондент илзеиҭаиҳәеит ақыҭанхамҩа аминистр инапынҵақәа назыгӡо Владимир Дауров.

"Ақыҭанхамҩа аминистрра арҭ ахәшәқәа араионтә усбарҭақәа ирырҭоит. Аусбарҭақәа рнапхгаҩцәа анаҩс ақыҭа анхаҩцәа ирзыршоит. Ахшәқәа рхархәара иалагоит мшаԥымзазы, уажәазы ахәаҷа рҽыԥхьаркхьеит. Аҳьҭақәа раан дара аԥхара ахьыҟоу аҭыԥқәа рҿы рҽырҵәахуеит", — иазгәаиҭеит Дауров.

Продажа ореха на рынке - Sputnik Аҧсны
Апты иацәынхаз: Аҟәатәи аџьармыкьаҿы араса шырҭиуа

Аминистр инапынҵақәа назыгӡо иара убас иҳәеит Урыстәыла рколлегацәеи дареи аԥты анырҵәаразы аиҿцәажәарақәа шымҩаԥырго.

"Урыстәыла уажәы апты ыҟаӡам, аха иара Краснодартәи атәылаҿацә ахь ииасыр алшоит. Иааны игәарҭоит Аԥсны иҟоу аҭагылазаашьа. Ҳхала ари апроблема ҳзаиааиӡом, Урыстәалатәи ҳколлегацәа ҳацхраауеит", — иҳәеит Владимир Дауров.

Амармалташьтә пты Аԥсны раԥхьаӡа акәны ицәырҵит 2014 шықәса рзы, иара макьана аҭыԥантәи аԥсабара иаламҵәац, уи ауп ахәаҷа-маҷа изфашагьы зцәырымҵыц, уи дара рхыԥхьаӡара акырӡа иланырҟәрын.

Ажәабжьқәа зегьы
0