Арра инарыԥхьаз Ахьӡ-аԥша апарк аҟны ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит

© Sputnik Бадрак АвидзбаПризывники Абхазии почтили память погибших в грузино-абхазской войне
Призывники Абхазии почтили память погибших в грузино-абхазской войне - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Арра инарыԥхьаз аҿар арратә зыҟаҵара иахыжьны архәҭақәа рахь еихыршоит

АҞӘА, жьҭаара 31 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ҭагалан аррамаҵзурахь инарыԥхьаз Аԥсны аҿар аҩаша, жьҭаара 31 рзы Ахьӡ-аԥша апарк аҿы игылоу абаҟа аҿаԥхьа ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵарц инеиит.

"Ҳара шәара ҳшәықәгәыӷуеит. Абџьар ахархәашьа, аҽыхьчара алыршара уҳәа зегьы шәҵароуп" — иҳәеит Аԥсны Атәылахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ Гәурам Инук-оӷлы аррамаҵзурауаа рахь ихы нарханы.

Аԥсны ахьыԥшымара, иреиӷьу аԥсҭазаарақәа зыхҭынҵо, ԥхьаҟагьы ахьчара аҭахуп иҳәеит иара.

"Абри аҭыԥ аҟны анышә иамадоуп шәеиҳабцәа. Аибашьра еилгеит 1993 шықәса рзы, аха аҭынчра ҳадгьыл иазааит 2008 шықәса рзы, Урыстәыла Аԥсны ахьыԥшымра аназханаҵа ашьҭахь", — иҳәеит иара.

Арра инарыԥхьаз аҿар арратә зыҟаҵара иахыжьны архәҭақәа рахь еихыршоит.

"Уажәы ара иҟоу Аҟәа араион иаҵанакуа шәоуп. Иахьа, егьырҭ араионқәа рыҿгьы аҿар иҭахаз рбаҟақәа рахь инеины ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵоит" — иҳәеит Инук-оӷлы.

Ҩеижәамш имҩаԥысуа азыҟаҵарақәа рышьҭахь раԥхьатәи адыррақәа зауз аҿар Атәылахьчара аминистр идҵала еиуеиԥшым арратә хәҭақәа рахь инашьҭхоит аррамаҵзура ахысразы.

Ажәабжьқәа зегьы
0