Инал Арӡынба МГИМО астудентцәа дырԥылоит

© Фото : предоставлено Николаем КалмыковымИнал Ардзинба
Инал Ардзинба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ауснагӡатә мҩаԥысраны иҟоуп МГИМО иҭоу ҳастудентцәа раԥшьгарала. Абҵарамза инракны ихацыркхоит ҳастудентцәеи еицырдыруа аполитикцәеи, адипломатцәеи, ауаажәларратә усзуҩцәеи реиԥылара.

АҞӘА, жьҭаара 31– Sputnik. Урыстәыла Ахада Иусбарҭа адепартамент аиҳабы Инал Арӡынба абҵара 7 рзы имҩаԥигараны дыҟоуп МГИМО астудентцәеи иареи иаарту реиԥылара. Абри атәы Sputnik иазалҭеиҳәеит МГИМО еиҿкаау Аԥсуа еидгылара ахантәаҩы Дарина Ашәԥҳа.

"Инал Арӡынба иԥылара еиҿкаахоит ҿыц еиҿкаау аиҿцәажәаратә ҭыԥ "ADUNEI Discussion Club" аҳәаақәа ирҭагӡаны. Инали ҳастудентцәеи реиԥылара иалнаршоит ишиашоу ирҭаху азҵаарақәа рықәыргылареи аҭак роуреи", — лҳәеит лара.

Аԥсуа еидгылара ахантәаҩы далацәажәеит ԥхьаҟатәи рыпланқәа ртәы.

"Аиҿцәажәаратә ҭыԥ ҿыц МГИМО астудентцәа реинырра аформат ҿыц акәны еиҿкаауп. Ҳгәыӷуеит аиҿцәажәарҭатә клуб МГИМО иҭоу аԥсуа студентцәеи егьырҭ астудентцәеи реинырра зырҭбаауа ҭыԥны иҟалап ҳәа", — лҳәоит лара.

Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иусбарҭа адепартамент аиҳабы Инал Арӡынба - Sputnik Аҧсны
Инал Арӡынба аԥсуа ҿар дырԥылоит

Ашәԥҳа иара убасгьы иазгәалҭеит аиҿцәажәарҭатә клуб "Аԥсны Агәыҳалалра Ацҳаражәҳәаҩцәа" рыдгыларала аусура еиҵнахраны иҟоуп ҳәа.

"Аԥсны Агәыҳалалра Ацҳаражәҳәаҩцәа" ҳапроект иадгылеит. Ҳгәы иаанагоит ҳусеицура аҿиара бзиа аиуп ҳәа", — лҳәоит Ашәԥҳа.

Инал Арӡынбеи МГИМО астудентцәеи реиԥылараан иазыԥхьагәаҭоуп аԥсуа бызшәа, амилаҭтә культура уҳәа реиԥш хра зманы иҟоу аусқәа аҿиара рыҭареи реиқәырхареи рызҵаара алацәажәара.

Ажәабжьқәа зегьы
0