Рауль Ҳаџьымба аӡбаратә ӡбамҭақәа рынагӡара иазкыз аилацәажәара мҩаҧигеит

CC0 / / Судебный молоток и весы правосудия
Судебный молоток и весы правосудия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жьҭаара 31 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба аӡбаратә ӡбамҭақәа рынагӡара иазкыз аилацәажәара мҩаҧигеит. Аԥсны Апрокуратура хада Пицунда-Мысратәи аҵакыраҿы ззин ыҟамыз аргыларақәа ахьымҩаԥыргоз инамаданы ашшрақәа хәба дәықәнаҵеит аӡбарҭақәа рышҟа.

АҞӘА, абҵара 1 – Sputnik. Жьҭаара 31 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба аӡбаратә ӡбамҭақәа рынагӡара иазкыз аилацәажәара мҩаҧигеит.

Апрокурор хада ихаҭыҧуаҩ Гьаргь Аршба аилацәжаәара иалахәыз ирылеиҳәеит Пицунда-Мысратәи аҳәырҧсарра иаҵанакуа аҭыҧ аҟны изакәаным аргыларақәа инарымаданы Апрокуратура хада аӡбарҭақәа рышҟа ашшрақәа хәба шдәықәнаҵаз. Аҭагылазаашьақәа зегьы рганахьала ашшрақәа рыҭоуп акассациатәи (ахашшааратәи) ахылаҧшратәи ҧҟарақәа инарықәыршәаны.

Апрокуратура хада ашшрақәа зегьы рҭак ҟаҵан.

Иреиҳаӡоу аӡбара аӡбамҭала Ҳагәышь Ерик Алеқсандр-иҧа ахылаҧшратә ашшра азыразраҟны мап ицәкын.

Иззашшыз Пациа Аслан Лиосик-иҧа, ихала аҳәырҧсарра иаҵанакуа аҭыҧ аҟны изакәаным аргыламҭа хирбгалеит.

Аӡбаратә нагӡаҩцәа рмаҵзура анапхгаҩы Зураб Барцыц иҳәеит Ҳагәышь Ерик Александр-иҧа изакәанымкәа иргылаз ахыбра ақәхразы аӡбамҭа анагӡара шымҩаҧысуа атәы.

Апрокуратура хадахьы инашьҭуп ашшыԥхьыӡқәа хәба - Sputnik Аҧсны
Апрокуратура хадахьы инашьҭуп ашшыԥхьыӡқәа хәба

Ашәарҭадара Ахеилак Ахантәаҩы Муҳамед Кьылба иаҵшьны иҳәеит Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аганахьала ауснагӡатәқәа зегьы рымҩаҧгара шаҭаху аӡбаратә ӡбамҭа анагӡара аҽны азинлеишәа ахылаҧшразы.

Атәыла ахада Аҧыза-министр напхгара зиҭо изықәнагоу аусбарҭақәа рнапы ианиҵеит абри аӡбаратә ӡбамҭа анагӡаразы иаҭаху ауснагӡатәқәа рымҩаҧгара.

Рауль Ҳаџьымба 2017 шықәса мшаԥымзазы Пицунда-Мысратәи аҳәырԥсарра аҵакыраҿы ззин ыҟамкәа изҿыз аргыларақәа дырҭааны ибеит. Уи ашьҭахь иара имҩаԥигеит анҭыҵтәи аилацәажәара, адҵагьы ҟаиҵеит изакәанымкәа идыргылаз ахыбрақәа зегьы шьаҭанкыла иқәыргаразы.

Ажәабжьқәа зегьы
0