Ҵахнакиа: ашықәс нҵәаанӡа арԥҳачымазара ахәшәтәразы адиспансер аартхоит

© Sputnik Бадрак АвидзбаВстреча президента Абхазии с министром здравоохранения
Встреча президента Абхазии с министром здравоохранения - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба, аԥшьашаҽны, абҵара 2 рзы агәабзиаархьчара аминистр Ҭамаз Ҵахнакиа дидикылеит.

АҞӘА, абҵара 2 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Агәабзиарахьчара аминистр Ҭамаз Ҵахнакиа атәыла ахадеи иареи реиԥылараҿы агәыӷра ааирԥшит ашықәс нҵәаанӡа Ареспубликатә арԥҳачымазара ахәшәтәразы адиспансер шаартхо.

"Аусурақәа зегьы хыркәшоуп, аҭыԥ иқәҵатәуп атехниказы азҵаарақәа – иҳәеит аминистр. – Адиспенсер аҿы 140 ашьҭаларҭәатә ҭыԥқәа ыҟоуп, ахәышәтәырҭаҿы ишьҭалан аҽыхәшәтәра зҭаху ачымазаҩцәа зегьы акуеит. Иара убас иҟоуп ахәыҷқәа рҭыԥқәеи, хаз игоу аԥҟарҭатә ҟәшеи".

Атәыла ахада дазҵааит ахәышәтәырҭаҿы аус зуа аҳақьымцәа рыҟазаара азҵаара, аминистр иҳәеит аспециалистцәа шырзымхо.

"Уажәы ҩыџьа аспециалистцәа разыҟаҵара ҳаҷуп, шықәсык-ҩышықәса рышьҭахь иаауеит", — иазгәаиҭеит Ҵахнакиа.

Медицинский работник делает укол - Sputnik Аҧсны
Амедицинатә ԥгаԥса абҵарамзазы аратификациа иахыжьхар алшоит

Аԥсны араионқәа зегьы рҿы ауаҩы амедицинатә цхыраара иоуртә еиԥш аҭыԥкәа аартызароуп.

"Агәабзеиархьчаразы" азакәан ҿыц инақәыршәаны азинтә шәҟәқәа реиқәыршәара ҳаҷуп, иахьа мчыла ачымазаҩцәа рыхәшәтәразы азакәан ҳамаӡам",- иҳәеит агәыбзеирахьчара аминистр.

Аминистрра аԥсихиатриатә маҵзуразы азакәан апроект азнархеит, иаарласны Аԥсны ахада ирбахоит, нациҵеит Ҵахнакиа.

"Ус еиԥш азакәан арԥҳачымазара иадҳәаланы азырхиара ҳалагоит", —инаҵишьит аминистр.

Ареспубликатә арԥҳачымазара ахәшәтәразы адиспансер аиҭашьақәыргыларазы аусурақәа ирылаган 2012 шықәсазы, ихыркәшан 2015 шыкәсазы, Аԥсны асоциалтә-економикатә ҿиаразы аинвестициатә программа инақәыршәаны.

Ажәабжьқәа зегьы
0