АҶА: аӡынтәи аамҭазы амцакрақәа ашәарҭадара атехника ақәымныҟәара иахҟьоит

© Sputnik / Томас ТхайцукРабота МЧС Абхазии
Работа МЧС Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны АҶА амцакратә хылаԥшра аҳәынҭқарратә усбарҭа аиҳабы Иракли Елбакиев радио Sputnik аинтервиу аҭо далацәажәеит аӡынтәи аамҭазы арԥхарратә сезон амҩаԥгашьа атәы.

АҞӘА, абҵара 3 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Арԥхарратә сезон азы амцакра ҟамларц азы ашәарҭадаратә техника иқәныҟәалатәуп, алҩацарҭақәа рыцқьалатәуп, аелектрикатә маҭәахәқәа амаҭәа рықәҵара ҟалом иҳәеит Аԥсны АҶА амцакратә хылаԥшра аҳәынҭқарратә усбарҭа аиҳабы Иракли Елбакиев радио Sputnik аинтервиу аҭо.

"Ҭагалан-аӡынтәи аамҭазы амцакрақәа мзызны ирымоуп еиуеиԥшым аҭагылазаашьақәа. Арахь иаҵанакуеит ашәарҭадара атехника ақәымныҟәара", — иҳәеит иара.

Елбакиев иажәақәа рыла ихымԥадатәиуп ианаамҭо алҩацарҭақәа ррыцқьара. Афымцатә маҭәахәқәа ракәзар ирыцу ашәҟәқәа ишырну еиԥш ахархәара рыҭалатәуп.

"Афымцатә маҭәахәқәа амаҭәақәа рықәырҵоит рырԥшшаразы, хылаԥшрада иаанрыжьуеит. Уи амцакра ҟанаҵар алшоит", — иҳәеит Елбакиев.

Иракли Елбакиев ишиҳәаз ала ареспублика АҶА имҩаԥнагоит ҷыдалатәи асеминарқәа ашколхәыҷқәа рыбжьара. Иара убасгьы асеиԥш иҟоу аусурақәа мҩаԥыргоит ауааԥсыра рыгәҭагьы.

Ажәабжьқәа зегьы
0