Аҟәатәи ажәабатәи ашкол аҟны аԥсуа бызшәа арҵаразы акабинет аартуп

© Sputnik / Томас ТхайцукЗапуск лингафонного кабинета в 10 школе
Запуск лингафонного кабинета в 10 школе - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа бызшәа арҵаразы алингафонтә кабинет аартуп Урыстәыла Ахада Иусбарҭа адепартамент аиҳабы Инал Арӡынбеи агәыҳалалратә еиҿкаареи "Аԥсны агәыҳалалра ацҳаражәҳәаҩцәеи" рыбзоурала.

АҞӘА, абҵара 6 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аҟәатәи ажәабатәи абжьаратә школ аҟны иаартуп аԥсуа бызшәа арҵаразы алингофонтә кабинет.

"Зегь раԥхьаӡа иргыланы иҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп "Аԥсны агәыҳалалра ацҳаражәҳәаҩцәа", ҳаужьҭымҭа Инал Арӡынба аԥхьа днаргыланы абас еиԥш иҟоу хәызмам алингафонтә кабинет ҳашкол иахьарҭаз азыҳәа", — лҳәеит Аҟәатәи ажәабатәи абжьаратә школ адиректор Аида Кәарҷелиаԥҳа.

Уи иазгәалҭеит, алингафонтә кабинет ахархәара азухоит аԥсуа бызшәа иахьатәи аамҭа иақәшәо ашколхәыҷқәа дырҵаразы.

"Ари акабинет аус анауа аурокқәа рышьҭахь ауп, акабинет ҳхы иаҳархәоит аҵаҩцәа рҿаԥыцтә бызшәа аиӷьтәразы. Иахьа аҵаҩцәагьы арҵаҩцәагьы ирылаҳҳәеит акабинет ҳашкол ишаиуз", — лҳәеит Кәарҷелиаԥҳа.

© Sputnik / Томас ТхайцукЗапуск лингафонного кабинета в 10 школе
Запуск лингафонного кабинета в 10 школе  - Sputnik Аҧсны
Запуск лингафонного кабинета в 10 школе

Алингафонтә кабинет аарҭра иалнаршоит аԥсуа бызшәа ахәыҷқәа дырҵара, насгьы урҭ рдыррақәа аизырҳара, ҳәа азгәалҭеит лара.

"Ари раԥхьаӡатәи ԥышәоуп, иаҳбап лҵшәас иаиуа, сара сгәы иаанагоит акабинет аусура алҵшәа аиуеит ҳәа", — ацылҵеит уи.

Аида Кәарҷелиаԥҳа излалҳәаз ала, алингафонтә кабинет афункциақәа маҷымкәа иамоуп.

Афонд "Аԥсны агәыҳалалра ацҳаражәҳәаҩцәа" аиҳабы Амина Лазԥҳа иазгәалҭеит алингафонтә кабинет иахәҭоу техникала еиқәыршәоуп.

© Sputnik / Томас ТхайцукЗапуск лингафонного кабинета в 10 школе
Запуск лингафонного кабинета в 10 школе  - Sputnik Аҧсны
Запуск лингафонного кабинета в 10 школе

"Ари акабинет иалнаршоит ашколхәыҷқәа рҿаԥыцтә бызшәа арҿиара, иааидкыланы рцәажәаратә культура аиӷьтәра", — лҳәеит Лазԥҳа.

Амина Лазԥҳа ишылҳәаз ала, араҟа аҵаҩцәа алшара роуеит арҵагатә шәҟәқәа раудио версиақәа рзыӡырҩрра, агхақәа аус рыдулара уҳәа абызшәа ахархәара зырманшәалаша аусхкқәа


Ажәабжьқәа зегьы
0