Емир Кустурица Аԥсны агәыҳалалра Ацҳаражәҳәаҩыс дҟалеит

© Фото : Даур БарганджияЭмир Кустурица
Эмир Кустурица - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Агәыҳалалратә еиҿкаара "Аԥсны агәыҳалалра Ацҳаражәҳәаҩцәа" агәабзиарахьчареи, аҵареи, аспорти русхкқәа рҟны агуманитартә проектқәа мҩаԥнагоит. Дарбанызаалак Ацҳаражәҳәаҩ иара инапы злаку ахырхарҭаҿы апроектқәа аус рыдиулоит.

АҞӘА, абҵара 7— Sputnik. ООН агәыҳалалра Ацҳаражәҳәаҩ, акинорежиссер Емир Кустурица, "Аԥсны агәыҳалалра Ацҳаражәҳәаҩцәа" далахәылахеит. Ацҳаражәҳәаҩ асертификати амедали инапы иаркын Москва ҳәа адырра ҟарҵоит "Аԥсны агәыҳалалра Ацҳаражәҳәаҩцәа".

Кустурица адгылара аиҭеит Аԥсны акультуратә ҭынха ахьчара азҵаара адунеитә уаажәларра азхьарԥшра, ҷыдала ақьырсиантә уахәамақәа рпроблема.

"Сара, ООН агәыҳалалра Ацҳаражәҳәаҩык иаҳасаб ала адгылара асҭоит "Аԥсны агәыҳалалра Ацҳаражәҳәаҩцәа" иҟарҵаз ааԥхьара. Аԥсны иахьаҵанакуа иҟоу ажәытә уахәамақәа еиқәырхатәуп ҳаԥхьаҟатәи абиԥарақәа рзы", — иҳәеит Кустурица.

Иара иазгәеиҭеит Аԥсны адунеитә қьырсианра инарылукааша ҭыԥны ишыҟоу. Кавказ ицәырҵыз раԥхьатәи ауахәамақәа ахьгылоу Аԥсноуп ҳәа. Убри азы адунеитә уаажәларра урҭ реиқәырхаразы ирылшо зегь ҟарҵароуп ҳәа ишьоит иара.

Ишәгәалаҳаршәоит жьҭаара 2 рзы "Аԥсны агәыҳалалра Ацҳаражәҳәаҩцәа" ИуНЕСКО ахь рхы рханы авидеоҳәамҭа шыҟарҵаз. Дара авидеоҳәамҭаҿы иазгәарҭеит ижәытәӡатәиу ақьырсиантә уахәамақәа реицыхьчара хымԥадатәны ишыҟоу.

Авидеоҳәамҭа асоциалтә цҳақәа рҿы зықьҩыла ауаа ахәаԥшхьеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0