ДЦП змоу быжьшықәса зхыҵуа Александр Калаиџьан ацхыраара иҭахуп

© Sputnik Бадрак АвидзбаАлександр Калайджян
Александр Калайджян - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Москва амедицинатә технологиақәа ринститут аҿы агәаҭарзыи, ахәышәтәразыи Александр Калаиџьан изыԥшуп.

АҞӘА, абҵара 8 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. ДЦП змоу быжьшықәса зхыҵуа Александр Калаиџьан ацхыраара иҭахуп, лҳәеит иан Лала Бдоиан.

Александр быжьшықәса ихыҵуеит, иара иқәлацәа реиԥш, дыҩҩуеит, дыԥхьаӡоит жәаба рҟынӡа, дыхәмаруеит, асахьа ҭыхра бзиа ибоит. Аха ихала дызныҟәом.

"Саша дании ашьҭахь ихьуаз иаразнак иаҳзеилымкааит, нас ауп ианҳархәа. ДЦП адагьы иман стафилококк, аха уи иаразнак иаҳхәышәтәит. Ашьҭахь иҟаҳҵеит полиомиелит аҟнытә алаҵа", еиҭаиҳеит ахәыҷы иаб Александр Калаиџьан.

Ахәыҷы ибҩа арҵәразы иаҭахыз ҟаҳҵеит, деиӷьхеит, аха ихала аныҟәара дзаламгеит.

"Хышықәса Краснодар даҳгон, ахәышәтәра бзиан ицон. Шьҭа ихала дныҟәар ҳҭахуп. Дшыҟоу аагәаҭаны, анаҩс иҟаҵатәу еилаҳкаар ҳҭахуп", — иҳәеит аҷкәын иаб.

Микаэль Хелая - Sputnik Аҧсны
Агәыҳаларатә фонд "Ашана" хылаԥшра зырҭо Микаель Хелаиа дырхәышәтәит

Саша хәыҷы иан Лала Бдоиан еиҭалҳәеит, егьырҭ ҩыџьа иаҳәшьцәа реиԥш дшыхәмаруа. Дшымныҟәогьы, амаланыҟәа дақәтәоит.

Москва амедицинатә технологиақәа ринститут аҿы аҷкәын изыԥшуп игәаҭареи ихәшәтәразыи. Ишьҭаҵатәуп имаха-ишьаха иаҳа ибзиан аус аурцаз. Александр Калаиџьан ацхыраара иҭаразы иаҭахуп 200 нызқь мааҭ аԥара.

Агәыҳалалратә фонд "Ашана" аԥҵан Аҟәа, 2008 шықәса рзы. Афонд Аԥсны инхо, згәабзеира уашәшәыроу ахәыҷкәа рыхәшәтәразы аԥара еизнагоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0