Гәдоуҭа ауаҩшьра ҟалеит

© Sputnik Томас ТхайцукМашина МВД
Машина МВД - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гәдоуҭа Тарнаа имҩаҟны ауаҩшьра шыҟалаз азы аҷаԥшьаратә хәҭахь адырра ҟалеит ахаша, абҵара 8, асааҭ 21.50 рзы.

АҞӘА, абҵара 9 — Sputnik, Амра Амҷԥҳа. Гәдоуҭа инхо Дмитри Озган машьынала иҩнахьы дшааиз еихсра иалагеит. Абри атәы Sputnik акорреспондент илзеиҭаиҳәеит Гәдауҭа амилициа аиҳабы Заур Дасаниа.

"Ахәра зауз ахәышәтәырҭахь дшыргоз, иԥсҭазаара далҵит", — иҳәеит Дасаниа.

Ахҭыс ахьыҟалаза аҭыԥаҿ аҭҵааратә усурақәа мҩаԥыргоит Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрреи апрокуратуреи.

Ажәабжьқәа зегьы
0