Инал Арӡынба: аԥсуа бызшәеи акультуреи рырҿиаразы аплан еиҿкаатәуп

© Фото : абхазское землячество МГИМОИнал Ардзинба
Инал Ардзинба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
МГИМО имҩаԥысит аԥснытәи астудентцәеи Урыстәыла Ахада Иусбарҭа ИАР атәылақәеи, Аԥсныи Аахыҵ Уаԥстәылеи рнырразы адепартамент аиҳабы Инал Арӡынбеи реиԥылара.

АҞӘА, абҵара 9— Sputnik. Аиԥылараан Инал Арӡынба иазгәеиҭеит аԥсуа бызшәа аиқәырхарази арҿиарази атехнологиа ҿыцқәа азыԥхьагәазҭо аплан ҷыда аус шадулатәу.

"Аамҭақәак рышьҭахь ҳара ҳбызшәа адунеи аныӡӡаара апроблема аӡбра ҳақәшәар ауеит. Аҿыр ишалшо ала аԥсуа бызшәа аиқәырхара апроблема аҭыԥ ақәҵара иалагалатәуп. Ахархәара рыҭатәуп 21-тәи ашәышықәса иаҳзаанартуа атехнологиақәа", — иҳәеит иара.

Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иусбарҭа адепартамент аиҳабы Инал Арӡынба - Sputnik Аҧсны
Инал Арӡынба аԥсуа ҿар дырԥылоит

Иара убасгьы иазгәеиҭеит аԥсуа милаҭтә культура "Аԥсуара" аиқәырхара иамоу аҵак ду.

"Аԥсуара – ахныҟәгашьаз иуникалтәу модельуп, иазыԥхьагәанаҭоит аиҳаби аиҵби рыпатуеиқәҵара, асасдкылара, ауаажәларра рҿы ахымҩаԥгашьа. Акультура ҵаула змоу ажәлар рԥынгылақәагьы риааира еиҳа ирманшәаланы иалдыршоит. Уаҵәтәи амш аԥеиԥш уԥшаара алшоит ухатәы культураҟны. Уи анулша, уаҵәтәи умшгьы уацәшәартәеиԥш иҟалом", — иҳәеит Инал Арӡынба.

Инал Арӡынба МГИМО иҭоу аԥсуа студентцәа ааԥхьара риҭеит агәыҳалалратә еиҿкаара "Аԥсны агәыҳалалра Ацҳаражәҳәаҩцәа" аусура рҽаладырхәырц.

Аиԥылара ахыркәшараан Инал Арӡынба астудентцәа аԥсышәала еицәажәаларцаз аҳәара риҭеит.

МГИМО аҿы аиԥылараан ирылацәажәан аԥсуа бызшәа аларҵәареи, аиқәырхареи, аиҭарҿиареи рызҵаара. Аиԥылара иалахәын МГИМО жәларбжьаратәи аусбарҭа аиҳабы Егор Андреев, Урыстәыла иҟоу аԥсуа диаспора рхаҭарнакцәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0