Аԥснытәи арҵаҩцәа Ҭырқәтәыла ҳџьынџьуаа аԥсшәа рырҵара иалагеит

© Sputnik Лев РыжковУроки абхазского языка
Уроки абхазского языка - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҭырқәтәыла аԥсуа бызшәа дырҵара еиҿыркааит Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы Аилаки Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа культуратә центрқәа Рфедерациеи.

АҞӘА, абҵара 9 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥснынтәи ҭырқәтәылаҟа инашьҭу аԥсуа бызшәа арҵаҩцәа ихацдыркит русура. Ҭырқәтәыла аԥсуа бызшәа дырҵара еиҿыркааит Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы Аилаки Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа культуратә центрқәа Рфедерациеи. Абри атәы еиҭалҳәеит Sputnik аинтервиу азҭаз, апроект алахәыла Елис Аргәынԥҳа.

Инарҭбаау аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр ҟалоит абра>>

"Ҳара ҳалагеит ақалақь Адаԥазар аԥсуа бызшәа дырҵара. Ҳара уажәы х-гәыԥк ҳамоуп: ахәыҷқәа, абжьаратә шықәс иаҵанакуа, аиҳабацәа еидызкыло", — лҳәеит лара.

Зегь иреиҵыбқәоу актәи аҩбатәи акласс ахь иныҟәоит. Аҿар рыбжьара иҟоуп аԥсуа бызшәа здыруа мамзаргьы еилызкаауа ҳәа азгәалҭеит Елис Аргәынԥҳа.

Аиҳабыра қәра иаҵанакуа ҳдиаспора еиҳа еиӷьны рҭагылазаашьа ыҟоуп абызшәа адырразы. Арҵаҩы ишылҳәаз ала урҭ рыбжьара иҟоуп аԥсышәала ицәажәо, иаԥхьо.

Элис Аргун - Sputnik Аҧсны
Арадио
Аргәынԥҳа: ҳџьынџьуаа аԥсуа бызшәа дырҵара жьҭаара 16 инаркны ҳалагоит

Лара ишылҳәаз ала арҵаразы иахәҭаны иҟоу аҭагылазаашьа маншәалақәа зегьы аԥҵоуп.

Аԥсуа диаспора аԥсшәа дырҵара азҵаара аӡбра аҭан Беслан Дбар напхгара зиҭо Аҳәынҭеилакы ахаҭарнакцәа ҭырқәтәыла рыҟазаараан. Аԥсуа диасплра гәахәарыла ирыдыркылеит ари аԥшьгара.

Хҩык аԥснытәи аԥсуа бызшәа арҵаҩцәа аиндаҭлара иахыжьын.

Аҵарауаа ишазгәарҭо ала иахьатәи аамҭазы Ҭырқәтәыла инхоит 500 000-ҩык аԥсуаа.

Ажәабжьқәа зегьы
0