Абҵара 12 рзы усутә визитла Аԥсны даҭаауеит Науру Ахада

© ФотоБарон Вака
Барон Вака - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Науру Ахада Аԥсныҟа иаараан дымҩаԥыргоит Агәабзиарахьчареи аҵареи рминистр, анапынҵа ҷыдақәа рзы Ахада иабжьгаҩ, ООН аҟны иааиԥмырҟьаӡакәа Науру ахаҭарнак.

АҞӘА, абҵара 10— Sputnik. Ареспублика Науру Ахада Барон Вака усутә визитла Аԥсны даҭаараны дыҟоуп абҵара 12 — 13 рзы. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны Ахада иофициалтә саит.

"Абҵара 12 рзы Рауль Ҳаџьымбеи Барон Вакеи аиԥылара мҩаԥыргараны иҟоуп. Иазыԥхьагәаҭоуп ҩ-ганктәи аусеицура азҵаарақәа рылацәажәара", ҳәа аҳәоит адырраҭараҟны.

Асаит аҟны ишарбо ала аделегациа иара убасгьы иалахәхоит науру Апарламент адепутат, Аҵареи агәабзиарахьчареи рминистр Чармин Скотти, Апарламент адепутат, анапынҵа ҷыдақәа рзы Ахада иабжьгаҩ Милтон Диуб, ООН аҟны иааиԥмырҟьаӡакәа Науру ахаҭарнак Марлен Моузес.

2016 шықәса рзы Аԥсны иаҭааны иҟан Науру Апарламент аиҳабы Сирид Бураман зхадараҿы дыҟаз аделегациа.

2017 шықәса рзы Аԥсны иҟан Ареспублика Науру Ахада ихаҭыԥуаҩ Адеангом Давид Уаиа зхадараҿы дыҟаз аделегациа.

Ажәабжьқәа зегьы
0