Цхинвал имҩаԥысуаз Апарламентбжьаратә Ассамблеиаҿ аҳәамҭа ҟарҵеит

© Sputnik / Наталья АйриянПодписание соглашение между РЮО и ПМР
Подписание соглашение между РЮО и ПМР - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аилазаара "Адемократиеи ажәларқәа рзини рзы" алахәыла-ҳәынҭқаррақәа иазгәарҭеит Урыстәыла атерроризм иаҿагыланы ақәԥара адгылара шарҭо.

АҞӘА, абҵара 10— Sputnik. Аилазаара алахәылацәа: Аԥсны, Аахыҵ Уаԥстәыла, Приднестровие, Цхинвал имҩаԥысуаз Апарламентбжьаратә Ассамблеиаҿ аҳәамҭа ҟарҵеит ҳәа аанацҳауеит Sputnik Южная Осетия.

Дара, атерактқәа зыриашара алымшо, ауаҩытәыҩса иҿагылоу цәырҵраны ирықәыӡбеит.

"Еилкаауп атерроризм ашәарҭара адунеитә ҟазшьа аманы ишыҟоу. Атерроризм иахҟьаны зықьҩыла хара змаӡам аԥсҭазаарақәа ҿахҵәоит. Убри азоуп иахьатәи аамҭазы атерроризм иаҿагыланы жәҩахыреидкылала изықәгылатәу", — ҳәа аҳәоит аҳәамҭаҟны.

Аилазаара алахәылацәа ахә ҳаракны иршьеит абри аус аганахь ала Урыстәыла иҟанаҵо аҽазышәарақәа, иагьазгәарҭеит Шьамтәылан Урыстәыла имҩаԥнаго арратә операциақәа хра рыманы ишыҟоу.

Дара ирҳәеит адунеитә уаажәларратә еилазаара абри аганахь ала Урыстәыла хымԥада адгылара арҭар шакәу, иагьазгәарҭеит хаҭала даар уи ишазыхиоу.

Аилазаара алахәылацәа иазгәарҭеит ареспубликақәа рыхԥа рыбжьара анорматив-зинтә база аҟазаара, уи атерроризм аԥырҟәҟәаара ишацхраауа.

"Аҵак ду рыманы иҟоуп иахьазы аус зуа аинырратә механизмқәа иааиԥмырҟьаӡакәа реиӷьтәреи рырҿиареи, урҭ еиҳа инарҭбааны аоперативтә информациа аимдараҿы ацхыраара ҟарҵаларцаз", — ҳәа азгәаҭоуп аҳәамҭаҟны.

Ассамблеиа алахәылацәа ирҳәеит ишазыхиоу антитеррористтә закәанԥҵара аиӷьтәрази Урыстәылатәи афедерациеи дареи русеицура аишьашәаларази аусурақәа рымҩаԥгара.

Ажәабжьқәа зегьы
0