Милена Тачулиаԥҳа "Ты супер! Танцы" афиналбжахь днеит

Анапаҵаҩра
Жәларбжьаратәи аконкурс "Ты супер! Танцы" алахәыла Милена Тачулиаԥҳа дықәгылан асабша, абҵара 11 рзы.

АҞӘА, абҵара 13 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Асабшазтәи лықәгылараан Милена дкәашон Полина Гагарина лашәа "Драмы больше нет" ацымҩаԥгарала.

"Сара акыр сгәы хыҭ-хыҭуан Милена лықәгылараан. Итәаз зегьы лномер ҳалахәызшәа сгәы иабон", — иҳәеит ажиури руаӡәк Евгени Папунаишвили.

Милена Тачулиаԥҳа ишылҳәаз ала аԥхьаҵәҟьа илцәыуадаҩхеит, аха нас акәашара асиужет лнырит, лхымҩаԥгашьагь еиҭалкит. Анастасиа Заворотниук лакәзар, Милена длыдныҳәалеит. Афинал аԥшьба алахәылацәа рномерқәа анынарыгӡа ашьҭахь аӡбаҩцәа иалырхит аӡәаӡәа афинал ахь инеиуа ҳәа.

Участники шоу Ты супер!Танцы на канале НТВ - Sputnik Аҧсны
Леон Қапба "Ты супер! Танцы" аҩбатәи атур ахь днеиит

Аконкурс алахәылацәа 14-ҩык рҟынтә ажиури ԥшьҩык алырхыр ауп афиналбжахь инеирц. Евгени Папунаишвили иалихит Кристина Ашастинеи Васили Иаковенкои, Анастасиа Заворотниук — Анеи Ианеи Михаиаа. Кристина Кретова далылхит Милена Тачулиаԥҳа, Егор Дружинин — Никита Ивановеи Мухамед Курбанови.

"Зегь раасҭа сара бзиа избоит зылшара ҟамло ҟазҵо ауаа. Иахьа усеиԥш сара дызбеит Милена", — лҳәеит Кретова.

Жәларбжьаратәи апроект "Ты супер! Танцы" еиднакылеит аҟыбаҩ ҷыда злоу ахәыҷқәа.

Апроект аҿы Аԥсны ахьӡала иқәгылоит Милена Тачулиаԥҳаи Леон Қапбеи.

Ажәабжьқәа зегьы
0