Нхыҵ Кавказ аусқәа рзы аминистр Лев Кузнецов Аԥсны даҭааит

© Sputnik Бадрак АвидзбаВизит Льва Кузнецова в Абхазию
Визит Льва Кузнецова в Абхазию - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Лев Кузнецов Аԥсны иҟазаараан иазыԥхьагәаҭоуп Рауль Ҳаџьымбеи иареи реиԥылара.

АҞӘА, абҵара 17— Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Нхыҵ Кавказ аусқәа рзы аминистр Лев Кузнецов Аԥсны даҭааит, Урыстәыла имҩаԥнаго афинанстә цхыраарала зыргылара иаҿу аобиектқәа ргәаҭаразы.

Лев Кузнецов дырҭаан ибеит Гагратәи абжьаратә школ N2, афымцастанциа, асасааирҭақәа.

Нхыҵ Кавказ аусқәа рзы аминистр Лев Кузнецов Аԥсны Аԥыза-министр Беслан Барцыц дицны днеины ибеит аҳҭнықалақь аҟны злифтқәа рыԥсахыз анхарҭаҩнқәа руак. Иааидкыланы 2016 шықәса раахыс инаркны 2018 шықәса мшаԥымзанӡа Урыстәылатәи афинанстә цхыраара аҳәаақәа ирҭакны ирыԥсахроуп алифтқәа 81.

Кузнецов дазҵааит алифтқәа ахьынтәаарго.

"Абри аҩнаҟны ҳара ԥшь-лифтк ҳаԥсахит. Дара русура аҿҳәара 25 шықәса инаӡоит. Москвантәи иаагоит. Аԥсны афымцатә ҭагылазаашьа азгәаҭаны лифт-цыԥхьаӡа стабилизаторла еиқәҳаршәоит", — иҳәеит ИАЕ "Компания Максимус ЛТД" ахаҭарнак Рауль Ешба.

Нхыҵ Кавказ аусқәа рзы аминистр Лев Кузнецов Аԥсны Аԥыза-министр Беслан Барцыц дицны алифт иҭалан аусушьа хаҭала ирбеит.

"Алифт аус бзианы иауеит. Ара инхо рзы уи цхыраагӡа дууп. Пату ақәҵаны иазнеилатәуп", — иҳәеит Кузнецов.

Абри ашьҭахь Кузнецов аргыларақәа хьымҩаԥысуаз Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет даҭааит.

Ажәабжьқәа зегьы
0