Лев Кузнецов ауниверситет аҟны имҩаԥгоу аусурақәа игәамԥхеит

© Sputnik Бадрак АвидзбаВизит Льва Кузнецова в АГУ
Визит Льва Кузнецова в АГУ - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Лев Кузнецов Аԥсны даҭааит ахәаша, абҵара 17 рзы. Уи ара иҟазаараан иазыԥхьагәаҭоуп Рауль Ҳаџьымбеи иареи реиԥылара.

АҞӘА, абҵара 17— Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Нхыҵ Кавказ аусқәа рзы аминистр Лев Кузнецов Аԥсны даҭааит, Урыстәыла имҩаԥнаго афинанстә цхыраарала зыргылара иаҿу аобиектқәа ргәаҭаразы. 

Лев Кузнецов дырҭаан ибеит Гагратәи абжьаратә школ N2, афымцастанциа, асасааирҭақәа. Иара убасгьы иара даҭааит афинанстә цхыраарала еиҭашьақәыргылоу Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет. Араҟа имҩаԥгоу аусурақәа рхаҭабзиара бааԥсуп ҳәа ахиҳәааит Кузнецов. Хаҭала ибааԥсуп ҳәа ахиҳәааит ауниверситет ашҭаҿы ишьҭоу акаҭран.

"Ҳара иаабеит аус зыдулаз аобиектқәа. Араҟа ибзиоуп ҳәа зхысҳәааша збом. Асеиԥш акаҭран ақәҵара ахәыҷгьы илшоит. Ари сара сгәаанагароуп", — иҳәеит иара.

Визит Льва Кузнецова в Абхазию - Sputnik Аҧсны
Нхыҵ Кавказ аусқәа рзы аминистр Лев Кузнецов Аԥсны даҭааит

Кузнецов игәаԥсахы еиҳагьы еибакит аректори аректор ихаҭыԥуаҩи ркабинетқәа рҟны ирххоу аҭуанқәа рҭагылазаашьа аниба.

"Ари аҩыза аусура удукылартә иҟам, анапаҵаҩрагьы залшом. Ицәырԥхашьагоуп", — иҳәеит иара.

Лев Кузнецов иазгәеиҭеит агхақәа зегьы иаарласны рҭыԥ иқәҵатәуп ҳәа.

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аремонт хацыркын 2010 шықәса рзы. Иара аиҭашьақәыргыларазы Аинвестициатә программала иазоужьын 706,8 миллион мааҭ аԥара.

ААУ азеиԥшнхарҭа аиҭашьақәыргылара иалагеит 2016 шықәса жәабранмзазы.

Ажәабжьқәа зегьы
0