Еимырҵәаз алифтқәа рыхәҭак еиҭашьақәыргылоуп

CC0 / / Лифт
Лифт - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
ИАЕ "Аԥснылифт" адиректор Ҭимур Чкотуа Sputnik аинтервиу аҭо иҳәеит ииасыз амзазы ацәгьоуцәа аԥхасҭа зырҭаз алифтқәа шеиҭашьақәдыргылоу атәы.

АҞӘА, абҵара 22– Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аҟәа ақалақь аҟны, ииасыз амзазы ацәгьоуцәа аԥхасҭа зырҭаз алифтқәа 30 рҟынтәи 20 еиҭашьақәыргылоуп иҳәеит ИАЕ "Аԥснылифт" адиректор Ҭимур Чкотуа Sputnik аинтервиу аҭо.

Алифтқәа шеимырҵәаз азы адыррақәа ҟалеит жьҭаара 20 рзы. Ацәгьоуцәа абҩалыхқәа амырхуан алифтқәа рҟынтәи.

"Аиҭашьақәыргылараан иааҳхәаз ыҟоуп, аҩнқәа рҟны инхоз иҳарҭаз ыҟоуп, аиҳарак аҵәахырҭақәа рҟны иаҳзышьҭаз мыругақәоуп ҳхы иаҳархәаз. Раԥхьа иргыланы абыргцәеи аинвалидцәеи ахьынхоз аҩнқәа рахь ҳнеит", — иҳәеит Чкотуа.

Аҳҭнықалақь Аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭа аусҭҵааратә ҟәша ихацнаркит аус, ҩыџьа зықәра намӡац, 2000 шықәсеи 2002 шықәсеи рзы ииз арԥарацәа рганахь ала.

Визит Льва Кузнецова в Абхазию - Sputnik Аҧсны
Нхыҵ Кавказ аусқәа рзы аминистр Лев Кузнецов Аԥсны даҭааит

Даар аанкыркылеит аҳҭнықалақь амилициа Аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭа актәи аҟәша аусзуҩцәа аоператив-зыԥхьагәаҭаратә усурақәа анымҩаԥыргоз аамҭазы, Кьаразаа рымҩа аҩны №11 аҿаԥхьа.

Уаанӡа Аҟәа ақалақь Аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭахь адырра ҟаҵан 2017 шықәса жьҭаара 20-23 рзы аҳҭнықалақь Араион Ҿыц аҿы идырым џьоукы аҩнқәа рҟны алифтқәа еимырҵәеит ҳәа. Аӷьычрақәа мҩаԥган алифтқәа рныҟәагақәа ирымоу абҩалых хәҭаҷқәа рамхразы.

Ажәабжьқәа зегьы
0