Аԥсны раԥхьатәи Ахада изку афильм ықәгылоуп "Ахьтәы уарба" апремиа аиуразы

© Sputnik / Екатерина Чеснокова / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПремия "Золотой орел"
Премия Золотой орел - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
"Ахьтәы уарба 2017" аҟны аԥыжәара згаз еилкаахоит ԥшьышәҩык инарзынаԥшуа Амилаҭтә Академиа алахәылацәа рыбжьыҭирала. Апремиа анашьара мҩаԥысуеит Москва.

АҞӘА, абҵара 22– Sputnik, Сариа Кәарацхьелиаԥҳа. Арежиссиор Сергеи Русаков ифильм "Владислав Арӡынба. Аиааиҩы идрама" Аԥсны раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба изкуп. Иара ықәгылоуп "Ахьтәы уарба 2017" апремиа аиуразы ҳәа Sputnik акорреспондент илзеиҭеиҳәеит афильм апродиусер Кьесоу Ҳагба. 

"Сара схаҭа иџьасшьоит афильм асеиԥш аноминациа ҳарак аиуразы аӡбахә ахьҳәо. Сгәы иаанагоит афильм Уралтәи акинофестиваль аҟны игәарҭеит ҳәа. Агәахәара ду снаҭоит афильм еиҳа-еиҳа иахьрылаҵәо", — иҳәеит Ҳагба.

Кесоу Хагба. - Sputnik Аҧсны
Арадио
Ҳагба: Арӡынба изкны иҭыхыз афильм аконкурс иахьалахәхаз - иааироуп

"Ахьтәы уарба 2017" аҟны аԥыжәара згаз еилкаахоит ԥшьышәҩык инарзынаԥшуа Амилаҭтә Академиа алахәылацәа рыбжьыҭирала. Апремиа анашьара мҩаԥысуеит Москва.

Апремиа "Ахьтәы уарба" — Урыстәыла милаҭтә ԥхьахәны иҟоуп акиномотографиа аусхк аҟны. Иара шьаҭаркын 2002 шықәса рзы. Ишьаҭанаркит Урыстәыла акинемотографиатә ҟазареи аҭҵаарадырреи Рмилаҭтә Академиа. Иранаршьоит акиноҟазараҟны зҽалызкаауа акино аусзуҩцәеи урҭ русумҭақәеи. Аноминациақәа рыла афильмқәа алыркаауеит Аексперттә Хеилак.

Адокументалтә фильм "Владислав Арӡынба. Аиааиҩы идрама" апремиера мҩаԥысит 2016 шықәса лаҵарамза 13 рзы Аԥсны Ахьӡ-аԥша амузеи аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0