Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рыбжьара аиқәшаҳаҭрақәа анапы рыҵаҩуп

Приезд Рауля Хаджимба в Южную Осетию
Приезд Рауля Хаджимба в Южную Осетию - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ақыҭанхамҩеи аҵарадырреи русхкқәа рганахь ала аиқәшаҳаҭрақәа рнапы рыҵарҩит Аԥснытәи аофициалтә делегациа Аахыҵ Уаԥстәыла аҟазаараан.

АҞӘА, абҵара 28 — Sputnik. Ақыҭанхамҩеи аҵарадырреи русхкқәа рганахь ала аиқәшаҳаҭрақәа рнапы рыҵарҩит Аԥснытәи аофициалтә делегациа Аахыҵ Уаԥстәыла аҟазаараан. Абри атәы аанацҳауеит Sputnik Южная Осетия.

Ақыҭанхамҩа аусхк аҟны аусеицуразы Аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит Аԥсны Ақыҭанхамҩа аминистр Даур Тарбеи Аахыҵ Уаԥстәыла Ақыҭанхамҩа аминистр Лев Пухаеви.

Аиқәшаҳаҭра иазыԥхьагәанаҭоит аҳәынҭқаррақәа рыҩба рыбжьара атауареикәыршара аиҳатәра иара убасгьы афермертә еицнаплакқәа раԥҵара.

Иара убасгьы анапы аҵаҩын Аԥсны аҵареи аҭҵаарадырреи рминистрреи Аахыҵ Уаԥстәыла аҵареи аҭҵаарадырреи рминистрреи рыбжьара Аиқәшаҳаҭра. Аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит Адгәыр Какобеи Натали Гассиевеи.

Адокумент иазыԥхьагәанаҭоит аԥышәа аимдара. Уи адагьы аганқәа ирыгәҭакуп рҵаратә документқәа егьырҭ атәылақәа иазхарҵарц азы ауснагӡатәқәа рымҩаԥгара.

Ажәабжьқәа зегьы
0