Бали аҳаиртә баӷәаза аркуп авулкан ахҿыхаз иахҟьаны

© Sputnik / Михаил Фомичев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВиды Бали
Виды Бали - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Балутәи авулкан Агунг ҩынтәуп амцабз ахылҟьоижьҭеи аҵыхәтәантәи амчыбжь азы. Алҩа акыр зықь метра аҽыҳаракны ажәҩан иаҵоуп.

АҞӘА, абҵара 29– Sputnik, Сариа Кәарацхьелиаԥҳа. Аԥсны тәылауаа Гьаргь Шаҟрыли Лана Мирзоиани адгьылбжьаха Балу иаанханы иҟоуп авулкан Агунг алҩахылҵра иахҟьаны аҳаиртә баӷәазақәа ахьарку азы. Абри атәы Sputnik акорреспондент илзеиҭеиҳәеит Гьаргь Шаҟрыл.

"Авулкан Агунг аҳҭнықалақь 75 километра рҟынӡа иацәыхароуп, аха алҩа ажәпара иахҟьаны аҳаиртә баӷәаза аркуп абҵара 29 рҟынӡа. Еиҳарак ишәарҭоу авулкантә ццышә ауп. Ҳара иахьа Аԥсныҟа ҳхынҳәыр акәын аха макьаназы аԥырра ҟалом", — иҳәеит иара.

Катартәи авиалиниақәа Бали иҭахкаау атуристцәа ирыдыргалоит автобусла адгьылбжьаха Иава ақалақь Сурабаинӡа инаӡарц. Уа Џьакартанӡа абилеҭ ганы уахьынтәи Доху мамзаргьы Москваҟа иԥрырц.

"Ҳара макьаназы ара аангылара ҳагәҭаҳкит аҳаиртә баӷәаза аусура иалагаанӡа. Уаҵәы аҳаиртә баӷәаза аусура иаламгар, ари амаршрут ахархәара аҳҭоит", — иҳәеит Шьаҟрыл.

Авулкан Агунг "аԥсы ҭалеит" абҵара 21 рзы. Авулкан алҩа халеит 700 метра ҵәҩанҵәыҟа. Амҽыша аҩбатәи амцахәыҵҟьара ҟалеит, алҩагь ԥшь-нызқь метра ихалеит. Аҭыԥантәи амчрақәа аҳаиртә баӷәаза аҭагылазаашьа ҭышәынтәалаанӡа ҳәа иадыркит.

Иахьазы атәыла анапхгара авулкан ахымҩаԥгашьа шыҟалаша ҳәа акгьы рызҳәом.

Ажәабжьқәа зегьы
0