Шотландиа Аԥснытәи аибашьраҿы иҭахаз рыхьӡала иргылаз абаҟа аанрыжьуеит

© Фото : предоставлено администрацией города СухумКилманрок
Килманрок - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2017 шықәса абҵарамзазы Қырҭтәыла Ацҳаражәҳәаҩ Ҭамара Беручашвили Британиа ду анапхгара ирыдылҵеит Килманрок Аԥснытәи аибашьраҿы иҭахаз рыхьӡала иргылаз абаҟа ықәыргарц.

АҞӘА, абҵара 30 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны ахьчаҩцәа рыхьӡала иргылаз абаҟа шыҟоу еиԥш ааныжьразы аӡбра шрыдкыло атәы Sputnik азы ишьақәдырӷәӷәеит Мрагыларатәи Еиршир Ахеилак.

"Ахеилак ишьақәнарӷәӷәоит амемориал шыҟаз еиԥш, ԥсахрада ааныжьра гәҭакны ишамоу. Аганқәа рахьгьы ааԥхьара ҟанаҵоит аиҿцәажәара иазкылсырц" ҳәа аҳәоит Sputnik иҟанаҵаз азыҳәа аҭакс Мрагыларатәи Еиршир Ахеилак.

Адырраҟны иара убасгьы иазгәаҭоуп амемориал ахьгылаз аҭыԥ аҿы ишаанхо.

2017 шықәса абҵарамзазы Қырҭтәыла Ацҳаражәҳәаҩ Ҭамара Беручашвили Британиа ду анапхгара ирыдылҵеит Килманрок Аԥснытәи аибашьраҿы иҭахаз рыхьӡала иргылаз абаҟа ықәыргарц.

Қырҭтәыла Ацҳаражәҳәарҭа аҳәамҭаҟны иазгәаҭан абаҟа иану атексти абираҟи Британиа имҩаԥнаго адәныҟатәи аполитика иаҿагылоит ҳәа, избанзар Британиа иазханаҵоит Қырҭтәыла аҵакыратә акзаара, иара убри аан Аԥсны ахьыԥшымра иазханаҵом ҳәа азгәаҭаны.

Мемориал в шотландском городе Килмарнок, установленный в память об абхазских воинах, погибших в результате агрессии Грузии в 1992-1993 годах - Sputnik Аҧсны
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭа ҟанаҵеит

Ари аҭак ҟанаҵеит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра. Аминистрра аҳәамҭаҟны иазгәаҭан Қырҭтәылатәи амчрақәа аԥсуа жәлар рҭоурыхтә гәалашәара адунеи аныхра рҭахуп ҳәа.

Килмарноки Аҟәеи асовет аамҭақәа рзы аиашьара рыбжьарҵеит. Иара убасҟан анапы аҵаҩын аиҩызареи аусеицуреи рзы Аиқәшаҳаҭра.

"Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аамҭазы Килманрок ауааԥсыра Аԥсныҟа Аџьар ҟаԥшь ацхыраарала агуманитартә цхыраара аарышьҭит", — иҳәеит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа уаанӡатәи рминистр Виачеслав Чыргба.

1994 шықәса рзы Аҟәа ақалақь Ахадара аделегациа Килмарнок иаҭааит. Иара убасҟан ирыдкылан аӡбра ақырҭуа-аԥсуа еибашьраан иҭахаз ргәалашәара иазку абаҟа ргылахарц.

Ажәабжьқәа зегьы
0