Афонд "Ишьхатәылоу Аԥсны" афильмқәа "Моя Планета" апремиа афинал иақәшәеит

© Фото : Алексей Заводский Горная Абхазия.
Горная Абхазия. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ателеканал "Моя Планета" апремиа афинал аҟны инаган афонд "Ишьхатәылоу Аԥсны" иҭнахыз авидеосиужетқәа ҩба: "Аӡы амҩеи" "Алагамҭеи".

АҞӘА, абҵара 30 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Афонд "Ишьхатәылоу Аԥсны" ателеканал "Моя Планета" апремиа иафиналистхеит аноминациа "Профессиональный видеорепортаж о путешествии" аҟны. Абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит афонд "Ишьхатәылоу Аԥсны" анапхгаҩы Ҭенгиз Ҭарба.

"Хышықәса ирықәуп ателеканал "Моя Планета" апремиазы ҳақәдыргылоижьҭеи. Аиҳарак ҳара аԥыжәара ҳауеит аноминациақәа "Профессиональный фоторепортаж о путешествии", "Профессиональный видеорепортаж о путешествии" рҟны. Ииасыз ашықәс аан ҳусумҭақәа хәба инареиҳаны еиуеиԥшымыз аноминациақәа рҟны иқәыргылан, аха ажиури адҵала ҳара проектк алаҳхыр акәхеит", — иҳәоит Ҭарба.

Мчыбжьык аҩныҵҟала иҳаураны ҳаҟоуп аинформациа аԥхьахә зауа иганахь ала иҳәеит Ҭарба.

Асиужетқәа зцыз амузыкатә трекқәа аԥнаҵеит "АМА Рекордс", ҷыдала афонд "Ишьхатәылоу Аԥсны" азы.

"Афинали афиналбжеи реиԥшымзаара ҳәа иҟоу — афиналбжаан алахәылацәа алызхуа ателеканал аредакциоуп, афинал аан аӡбра здызкыло ажиури роуп. Ажиури иалахәуп еицырдыруа афотоҭыхыҩцәа, аблогерцәа, ажурналистцәа ҳәа еиҭеиҳәоит Ҭенгиз Ҭарба.

"Ишьхатәылоу Аԥсны" ахьықәгылоу Аноминациа "Профессиональный видеорепортаж о путешествии" ашҟа инагоуп аусумҭақәа жәба.

"Сара афинал ахь инеиз аусумҭақәа срыхәаԥшуан. Апроектқәа апрофессионализм ду рыҵоуп. Аиндаҭлара ӷәӷәахоит" — иҳәеит Ҭарба.

Авидеосюжет "Алагамҭа" – хыркәшаратә видеоуп. Иара еиднакылоит Аԥснытәи ашьхақәа рҟны иҭыху акадырқәа зегьы.

"Ари асиужет аҟны еизгоуп фышықәсатәи ҳусура алҵшәақәа. Аролик еиднакылоит Аԥсны ахы-аҵыхәа. "Аӡы амҩа" акәзар, Кәыдры аӡиас аҟны иҭаҳхуан. Арахьгьы иалоуп егьырҭ Аԥсны аҭыԥ ссирқәа рсахьақәа", — ҳәа азгәеиҭоит иара.

2016 шықәса рзы афонд "Ишьхатәылоу Аԥсны" актәи аҭыԥ ааннакылеит аноминациа "Профессиональный видеорепортаж о путешествии" аҟны. 2015 шықәса раангьы аусумҭа "Профессиональный фоторепортаж о путешествии" аԥыжәара арҭеит. Сынтәаәти аԥхьахә аиуразы аредакциахь инашьҭын 4 000 рҟынӡа усумҭа.

Ажәабжьқәа зегьы
0