Аԥсны иааныркылаз абжьас аԥсабарахь иоурмыжьыр алшоит

© Sputnik / Томас ТхайцукЛеопард в селе Лыхны
Леопард в селе Лыхны - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Азиаԥхьатәи абнатә ԥстәқәа иреиуоу, аԥсабараҿы шамахамзар иуԥымло абжьас каҭала иааникылеит Аԥсны атәылауаҩ. Абри ашьҭахь иаразы ҷыдала еибырҭаз аихатә кәыцҳа иҭартәаны Кавказтәи абжьасқәа реиҭашьақәыргыларатә Центр ахь ирышьҭит.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 1—Sputnik. Кавказтәи абжьасқәа реиҭашьақәыргыларатә Центр аусзуҩ Николаи Воронин Аԥсны иааныркылаз абжьас ауаа ирцәымшәо иҟалар шьҭахьҟа абнатә ԥсабарахь идырхынҳәуам, избанзар уи еиҭахгьы ауаа реиланхарҭақәа ирҭаауа иалагара алшоит иҳәеит. Абир атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Абҵарамзазы, 2016 шықәса рзы Шәачатәи апитомник аҟынтәи аԥсабарахь иоушьҭыз, Азиаԥхьатәи абнатә ԥстәқәа иреиуоу, аԥсабараҿы шамахамзар иуԥымло абжьасқәа хԥа руак Лыхны ақыҭаҿы иааныркылеит. Иара Кавказтәи аҳәырԥсарраҟынтәи илбааны ауаа рахь икылсит. Иара аҭыԥантәи анхаҩы каҭала икит. Уи ашьҭахь иаразы ҷыдала еибырҭаз аихатә кәыцҳа иҭартәаны Кавказтәи абжьасқәа реиҭашьақәыргыларатә Центр ахь ирышьҭит.

"Аветеренартә маҵзурақәа азымҩаԥгатәуп абжьас. Ишыҟоу аҭагылазаашьа ҭҵааны, насоуп уи абнарахь иоуҳашьҭуоу иоуҳмышьҭуоу азҵаара аҭак анышьақәҳаргыло. Агәаҭарақәа абжьас ауаа ишырцәымшәо шьақәдырӷәӷәар, шьҭахьҟа абнарахь иаҳзыргьыжьуам, избанзар иара ԥхьаҟагьы ауаҩԥсы дахьынхо аҭыԥқәа рахь инеиуа иалагоит", — иҳәеит Воронин.

Иара иажәақәа рыла иахьазы абнатә ԥстәы агәабзиара амоуп, иарбанызаалак чмазарак ацәа иалам.

"Авольер аҿы ахала иҭакуп, аха ааигәа-сигәагьы егьырҭ абжьасқәа ҭакуп. Урҭи иареи еиныруеит. Ахымҩаԥгашьа ҷыдарак аҵубаауам, аха ишыҟазаалакгьы инарҭбаау аветеренартә гәаҭара иахыжьтәуп", — иҳәеит иара.

Вадим Хинтуба - Sputnik Аҧсны
Арадио
Вадим Хынҭәба иаанкылаз абжьас иазкны: мызкы аахыс сазышәарыцон

2016 шықәса рзы Шәачатәи апитомник аҟынтәи аԥсабарахь иоушьҭын Азиаԥхьатәи абнатә ԥстәқәа иреиуоу, аԥсабараҿы шамахамзар иуԥымло абжьасқәа хԥа: Ахун, Килли, абжьас аԥс Викториа.

Ари абжьасхкы уаанӡа Нхыҵ Кавкази Амшын Ҟаԥшьии, Босфор инаркны Индианӡеи иахьрыбжьаркуаз иуԥылон. Аха XX ашәышықәсазы иара аҵакыра аҽеиҭанакит. Иахьазы Кавказ шамахамзар иуԥылаӡом. Иара иӡыр зылшо аԥстәы хкы ҳәа Ашәҟәы ҟаԥшь ианҵоуп.

Азиаԥхьатәи абжьас ахкы аиҭашьақәыргылара апрограмма даԥшьгаҩуп Владимир Путин.

Ажәабжьқәа зегьы
0