Каҷараа: абоксиор Игор Адлеиба аиндаҭлара дазыхиоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукРоман Качарава
Роман Качарава - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥснытәи абоксиор Игор Адлеиба апрофессионалтә ринг аҟны диандаҭлоит Урыстәылатәи аспортсмен Олег Иаценко Аиндалара мҩаԥысуеит ақалақь Магас, Ингушетиа, ԥхынҷкәын 9 2017 шықәса рзы.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 7– Sputnik, Бадри Есиава. Аԥснытәи абоксиор Игор Адлеиба апрофессионалтә ринг аҟны диандаҭлоит Урыстәылатәи аспортсмен Олег Иаценко Аиндалара мҩаԥысуеит ақалақь Магас, Ингушетиа, ԥхынҷкәын 9 2017 шықәса рзы. Арадио Sputnik Аԥсны аинтервиу азҭоз Аԥсны апрофессионалтә бокс Афедерациа ахада ихаҭыԥуаҩ Роман Каҷараа ҳаспортсмен дихцәажәо иҳәеит Игор Адлеиба ақәгылара мораллагьы хаҭашьалагьы дшазыхио атәы.

Ачемпион иира: Баҭал Чежиа ИАР иреиӷьу боксиоруп - Sputnik Аҧсны
Ачемпион иира: Баҭал Чежиа ИАР иреиӷьу боксиоруп

"Игор дицықәгылоит аԥышәа дуны измоу аспортсмен. Игор иакәзар, ари ақәгылара иара изы иҩбатәиуп. Иара убри аан ф-раундк ыҟоуп, уи иаанаго иара иԥышәагьы азгәаҭоуп ауп. Сгәы иснаҭоит Игор аиааира игап ҳәа", — иҳәоит Каҷараа.

Роман Каҷараа иҳәоит Игор аҽазыҟаҵарақәа Пиатигорск ишымҩаԥиго, урҭ рыла уахәаԥшуазар аԥеиԥш бзиа шимоу умбарц шзалымшо.

"Хаҭала сара иара ииааира агәра згоит. Игор ихаҭа иакәзаргьы схьаҵып ҳәа игәы иҭаӡам. Уигьы акраанагоит аспорттә еиндаҭлараҿы", — иҳәоит Аԥсны апрофессионалтә бокс Афедерациа ахада ихаҭыԥуаҩ Роман Каҷараа.

Апромоутертә еилахәыра "SKV Bokxing" Игор Адлеиба ажәадгала инаҭеит 2017 шықәса цәыббрамзазы Аҟәа имҩаԥысыз аспорттә еиндаҭларақәа рышьҭахь аилаӡара инапы аҵаиҩырц.

Ажәабжьқәа зегьы
0