Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс VII аизара ду Аҟәа иаатит

© Sputnik Бадрак АвидзбаVII съезд Конгресса Абхазо-абазинского народа в Сухуме
VII съезд Конгресса Абхазо-абазинского народа в Сухуме - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аизара рхы аладырхәырц Аԥсныҟа иааит аԥсуа-абаза рхылҵшьҭрақәа адунеи еиуеиԥшым атәылақәа рҟынтәи.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 7 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. VII Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс аизара ду аатит Аҟәа иахьа ԥхынҷкәын 7 рзы. Аизара алахәылацәа рҿаԥхьа дықәгылеит Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба. Уи иҳәеит ари ахҭыс даара акыр шаҵанакуа аԥсуа-абаза жәлар зегь азы.

"Шәара шәеизеит ахәшьара ашәҭарц ҭоурыхла ҳазнысыз амҩа, иахьатәи ҳҭагылазаашьа, иазгәашәҭарц ԥхьаҟатәи ҳусқәа, иҳагу иҳабзоу. Ишдыру еиԥш, Аконгресс, зымҽхак ӷәӷәоу, ауаажәларратә хеидкыла аҳасаб ала иит ишьақәгылеит ҳажәлар рлахьынҵа зыӡбоз, аҭакԥхықәра зцыз аамҭазы, Аԥсны аџьынџьтәылатәи аибашьраан", — иҳәеит атәыла Ахада.

Иахьа, ари аиҿкаара адац-ԥашә акырӡа иарҵаулахьеит, аԥсуааи абазақәеи рыгәҭыха ахьеибырҳәо, рыхшыҩ ахьеиларҵо ҩнаҭа дук иаҩызахеит, ациҵеит иара.

"Иахьагьы амчхара шамоу иаанхарц азы, аҵыхәа ԥҵәахар ауп аҽеиҩшара, Аконгресс ахыбра аҵаҟа еицынхароуп зегьы. Иахьа ара еиниаз хьаас ишшәымоу здыруеит шьала иаагоу Аԥсны ахақәиҭреи ахьыԥшымреи иҵегь рышьақәырӷәӷәаразы рзы амҩақәа рыԥшааразы", — иҳәеит Ахада.

Аԥсны гәыҵхас иамоуп иуадаҩу азҵараақәа рыӡбаразы, урҭ рахьтә адемаграфиа, асоциал-економикатә ҭагылазаашьа арҿиара, аԥсуа-абаза бызшәақәа реиқәырхара уҳәа азҵаарақәа, азгәеиҭеит Рауль Ҳаџьымба.

Генадий Аламия - Sputnik Аҧсны
Арадио
Аламиа аԥсуа- абаза жәлар рконгресс иазкны: ҳбызшәа шеиқәҳархаша ҳазааҭгылоит

"Ииашоуп, уи аганахь ала иҟаҵоуп агәыӷра ҳазҭо ашьаҿақәа, аха ҳара хыԥхьаӡарала ҳазламаҷу ала, ҳкультуреи ҳмилаҭтә дунеихәаԥшышьа ҳацәмыӡразы иҳамазар ауп ахыхьчаратә механизмқәа", — ҳәа игәы иаанагоит атәыла Ахада.

Рауль Ҳаџьымба ишазгәеиҭаз ала, зҭоурыхтә ԥсадгьыл ашҟа ихынҳәырц зҭаху зегь рзы аҳәынҭқарра иалшо шыҟанаҵоз еиԥш аринахысгьы ари аус ишахаҵгылало.
Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс амаӡаныҟәгаҩ Геннади Аламиа иқәгылараҿы иазгәеиҭеит аконгесс аҿаԥхьа ишьҭоу аусқәа даара ишырацәоу.

"Аиааира ҳгеит аибашьра аҿы, ҳаҷкәынцәа рыԥсҭазаара ақәырҵеит, аха лоуҳала аиааира гатәуп. Ҳара иԥшӡаны ацәажәара ҳдыруеит, амала иҟаҳамҵац аусқәа шаҟа ыҟоузеи?", — иҳәеит Аламиа.

VII Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс аизара ду иалагӡаны иаԥхьеит Германиа иҟоу Аԥсны ахаҭарнак Хьыбла Амҷыԥҳа иаалышьҭыз ааԥхьара. Хәҭакахь ала уи дазааҭгылеит аԥсуа-абаза рхыԥхьаӡара аилкааразы иаԥҵоу ааигәа аусура иалагаз асаит аусура атәы.

Аконгресс аусура иазгәанаҭоит уи аҩнуҵаҟтәи иҿкаашьа аҟны аԥсахрақәа ралагалара. Убас, иаԥыххоит Аконгресс апрезиденти амаӡаныҟәгаҩи рҭыԥқәа, урҭ рхаҭыԥан еиҿкаахоит Аконгресс Иреиҳау Асовет.

Ажәабжьқәа зегьы
0