Амч ахамырхәара иалацәажәон заанаҵтәи аконсультациақәа рҟны

Ираклий Тужба
Ираклий Тужба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жәларбжьаратәи Женеватәи аиҿцәажәарақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны Женева имҩаԥган заанаҵтәи аконсультациақәа. Урҭ ирылахәын Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнакцәа.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 13 – Sputnik, Бадри Есиава. Жәларбжьаратәи Женеватәи аиҿцәажәарақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны Женева имҩаԥган заанаҵтәи аконсультациақәа. Урҭ ирылахәын Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнакцәа. Араҟа ирылацәажәан ашәарҭадареи Аԥсни Қырҭтәылеи рыбжьара аимак аҭышәныртәалареи рызҵаарақәа. Абри атәы

Sputnik иазеиҭеиҳәеит Адәныҟатәи аусқәа рминистр ицхырааҩ Иракли Ҭыжәба.

Президент Республики Абхазия Рауль Хаджимба принял Сопредседателя Женевских дискуссий по безопасности и стабильности в Закавказье от ООН Анти Турунена - Sputnik Аҧсны
Ҳаџьымба: Қырҭтәыла Женеватәи аиҿцәажәарақәа рҟны аӡбрақәа ирҿагылоит

"Имҩаԥысит ҩ-ганктәи аиԥыларақәа жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәеи ҳареи ҳабжьара, актәи аусутә гәыԥ аҳәаақәа ирҭагӡаны. Араҟа ирылацәажәан ашәарҭадареи Аԥсни Қырҭтәылеи рыбжьара аимак аҭышәныртәалареи рызҵаарақәа, иара убасгьы амч ахамырхәаразы ҿырҳәалатәи аҳәамҭаҟаҵара аԥеиԥш иалацәажәан", — иҳәеит Ҭыжәба.

Ацхантәаҩ иаԥшьгарала иара убасгьы имҩаԥган аинформациатә сессиа, иара азкын еиуеиԥшым аекологиатә проблемақәа ирҿагылан ақәԥара. ООН, ОБСЕ рҟынтәи аҟазауаа абри аганахь ала рԥышәа иалацәажәон.

Аминистр ицхырааҩ иажәақәа рыла аԥсуа ган инаҵшьны иазгәанаҭеит Шотландиатәи ақалақь Килманрок игылоу Аԥсны ахьчаҩцәа рбаҟа ақәгара шзалымшо атәы.

Женеватәи аиҿцәажәарақәа хацыркын жьҭаара 15 2008 шықәса рзы. Дара ирылахәуп: Аԥсны, қырҭтәыла, Аахыҵ Уаԥстәыла, Урыстәыла, США рхаҭарнакцәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0