Гарри Дочиа Лаҭатәи арыцҳара шинырыз

© Sputnik Томас Тхайцук Художник, карикатурист Гарри Дочия
Художник, карикатурист Гарри Дочия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
1992 шықәса, ԥхынҷкәын 14 рзы Гәылрыԥшь араион Лаҭа ақыҭан ақырҭуа аруаа икарыжьит амацәаз иҭакыз Тҟәарчалынтәи Гәдоуҭаҟа ицоз аверталиот МИ-8. Аԥсуа сахьаҭыхыҩ Гарри Дочиа Sputnik акорреспондент илзеиҭеиҳәеит ихатә рыцҳара атәи уи шақәҿиҭызи.

Сариа Кәарацхьелиаԥҳа, Sputnik

1992 шықәса, ԥхынҷкәын 14 рзы Гәылрыԥшь араион Лаҭа ақыҭан ақырҭуа аруаа икарыжьит амацәаз иҭакыз Тҟәарчалынтәи Гәдоуҭаҟа ахҵәацәа зманы ицоз аверталиот МИ-8. Аверталиот иҭан аибашьра зхы ацәызыхьчоз, аҭынч ԥсҭазаара згәаҳәоз 87-ҩык ауаа – аҳәса, абыргцәа, ахәыҷқәа.

Гарри Дочиа изы Лаҭатәи арыцҳара хатәы трагедиахеит. Аверталиот иҭаблит фҩык иара изааигәаз ауаа.

© Фото : личный архив Военные карикатуры Гарри Дочия
Военные карикатуры Гарри Дочия  - Sputnik Аҧсны
Военные карикатуры Гарри Дочия

"Сара сыԥсҭазаараҿы ԥхынҷкәын 14 зегь раасҭа агәырҩа зцу мшуп, избанзар абри амш аҽны аӷа иҭеирхеит хара зыдӡамыз ауаа. Аҳәара сцәыцәгьоуп, алацәажәарагьы сцәыуадаҩуп уи ахҭыс. Аверталиот иҭаблит исзааигәаӡаз ауаа фҩык: сашьа, сҭацацәа, урҭ рхәыҷқәа. Ибзиан исгәалашәоит иҟалаз ансарҳәаз", — иҳәоит Гарри.

Аха усҟан Гарри Дочиа издырамызт икарыжьыз аверталиот ишҭаз иара игәакьацәагьы. Иҟоу аилкааразы Гәдоуҭа аштаб аҿы икыдыз асиа ахәаԥшра еицнеиит иаб иаҳәшьеи иареи.

"Гәдоуҭаҟа ҳцеит иаадыруа аӡәыр далашәоу даламшәоу аилкааразы. Асиа иахьналагаҵәҟьоз ҳара ҳтәқәа рыхьӡқәеи рыжәлақәеи анын. Фҩык. Саб иаҳәшьа иаразнакы лыхдырра лцәыӡит" ҳәа игәалаиршәоит Гарри.

Работа Гарри Дочия
Работа Гарри Дочия - Sputnik Аҧсны
Работа Гарри Дочия

Асиа ианыз шибозгьы Гарри уи ахаҵара иҭахымызт.

"Иҭахаз рхаҭарақәа ҳзышьақәыргылозар ҳәа ҳцеит, аха уаҟа уаҩ деилурго иҟамызт. Зегь гәыӷрак-гәыӷрак ҳаман: издыруада џьара аӡә деиқәхазар, џьара аӡәы дынхазар ҳәа. Иҟамло егьыҟам рымҳәои… ауаҩы ихшыҩ иҟаҵәҟьоу аилкаара мап анацәнакуа ыҟоуп, аиаша шадыруагьы. Уаҩы иџьеишьартә иҟоуп сашьа, Рамаз Ҵурҵумиа ипаспорт арыцҳара ахьыҟалаз 15 километра инацәхыкны, кьыс амамкәа нас иахьырбаз", — ҳәа еиҭеиҳәоит Дочиа.

Гарри Дочиа аибашьраан акарикатурақәа маҷымкәа иҭихит. Лаҭатәи арыцҳара ашьҭахь ҩ-карикатурак ҭихит.

"Иҟалап сҭыхымҭақәа рҿы сыҩныҵҟатә ҭагылазаашьа аасырԥшызар. Иаразнакгьы уи атема сзаламкьысит, мызқәак цахьаноуп ианҭысх урҭ акарикатурақәа. Руак аҿы аџьар ҟаԥшь зныз аверталиот асырбеит, уи иақәкын аҽа џьарк – абџьар акылыԥшырҭа. Аџьари аџьари, абзареи аԥсреи. Аҩбатәи аҟны иҭысхит аверталиот иаехсуаз, игыгшәыгқәаны, иузеилмырго космостә цәыршәагақәаны", — иҳәоит Гарри.

Убри ала иара иҭахын абри арыцҳара ашьҭахь ихаҿы иааиз ахаҿсахьақәа раарԥшра.

Работа Гарри Дочия
Работа Гарри Дочия - Sputnik Аҧсны
Работа Гарри Дочия

Аибашьра ашьҭахь актәи акарикатура, аԥсуа журналист Екатерина Бебиаԥҳа ԥхынҷкәын 14 иазкны илҩыз ашәҟәы ацәа асахьас иалылхит.

Ажәабжьқәа зегьы
0