Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра Павел Арӡынба иԥсра шьақәдырӷәӷәеит

© Sputnik / Томас ТхайцукФото с места обстрела автомобиля в районе Гумисты
Фото с места обстрела автомобиля в районе Гумисты - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Амашьына "Мерседес" еихсит ԥхынҷкәын 13 асааҭ 17:00 рзы.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 14 — Sputnik, Бадри Есиава. Изиехсыз автомабиль "Мерседес" апассаџьырцәас иҟан ҩыџьа Аԥсны атәылауаа: Павел Арӡынбеи Дмитри Ҳагбеи. Абри атәы аанацҳаит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзура.
Аԥсны Апрокуратура хада ашьаусҭҵаара хацнаркит.

Павел Арӡынба диит 1951 шықәса рзы Гәдоуҭа. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра далахәын. Атәылахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩыс дыҟан бџьарлеи техникалеи аиқәыршәаразы. Аԥсуа-аҭырқәа фирма "Абтур" дашьаҭаркҩын.

Цәыббра 26 2017 шықәса рзы Павел Арӡынба жәларбжьаратә ԥшаара даҵаркын.
Арӡынба Павел Харитон-иԥа уаанӡа иԥшаара иашьҭан ААК ахәҭаҷ 203 актәи ахәҭа иазыԥхьагәанаҭоу ацәгьоурала (уи инақәыршәаны иара 300 000 мааҭ шәаны 10 шықәса инаркны 15 шықәсанӡа аҭакра иқәҵахон), ахәҭаҷ 275; ахәҭаҷ 319; ахәҭаҷ 29 ахԥатәи ахәҭа; ахәҭаҷ 99 аҩбатәи ахәҭа апунктқәа "а", "з"; ахәҭаҷ 29 актәи ахәҭа; ахәҭаҷ 164 аҩбатәи ахәҭа; ахәҭаҷ 217 ахԥатәи ахәҭа инарықәыршәаны.

Ажәабжьқәа зегьы
0