2017 шықәсазы аҳәаа иахыгоуп 2700 тонн ацитрустә шәырқәа

© Sputnik / Томас ТхайцукСбор мандарин
Сбор мандарин - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы ахантәаҩы Беслан Ҵнариа, 2017 шықәса 11 мзы ирылагӡаны аилак инаныгӡаз аусура аихшьаала ҟаиҵеит.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 14 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ацитрустә аамҭа алагамҭа инаркны Аԥсны аҳәаа иахыгоуп 2700 тонн амандарин, иҳәеит Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы ахантәаҩы Беслан Ҵнариа, ԥхынҷкәын 14, аԥшьашаҽны, АРСМИРА имҩаԥгаз апресс-конференциаҿы.

"Ацитрустә шәырқәа рганахь ала аҭагылазаашьа уадаҩуп. Иахьазы аҳәаа иахыгоуп 2 нызқьи 300 тонн реиҳа еиҵаны ҵыԥх аасҭа. 2016 шықәса рзы ари аамҭазы иахыган 5 нызқь тонн", — нациҵеит иара.

Ацитрустә аалыҵқәа рхыԥхьаӡара амаҷхара аҽаҩра аԥхасҭахара иадҳәалоуп, азгәаиҭеит аҳазалхратә еилакы ахантәаҩы.

Иара ацитрустә шәырқәа рыдагьы, иааидкылан зегьы рыӡбахә уҳәозар, ҵыԥх аҳәаа иахыгаз ашәырқәа рхыԥхьаӡара акырӡа еиҳан сынтәа аиҳа, иҳәеит Беслан Ҵнариа.

Ажәабжьқәа зегьы
0