Арадиоелектронтә ҿагылара аҟазацәа аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргон

© Sputnik / Томас ТхайцукТренировка снайперов Южного военного округа
Тренировка снайперов Южного военного округа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҽазыҟаҵарақәа ирылархәын 100-ҩык инареиҳаны аррамаҵзурауаа, ҳаамҭазтәи атехника ҷыдақәа 10 инарзынаԥшуа ахархәара рыҭаны.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 15— Sputnik. Аԥсны иҟоу Аладатәи арратә округ Арадиоелектронтә ҿагылара аҟазацәа злахәыз, арратә полигон Нагвалоу имҩаԥысуаз аҽазыҟаҵарақәа 60 рҟынӡа ирылархәын 100-ҩык инареиҳаны аррамаҵзурауаа, атехника ҷыдақәа 10, ҳаамҭазтәи атехника "Житель", "Синица" иреиԥшқәоугьы, абрахь иналаҵаны. Абри атәы ааицҳаит Аладатәи арратә округ апресс-маҵзура аиҳабы, аполковник Вадим Астафьев.

Служащие российской военной базы в городе Гудаута Республики Абхазия во время тактических учений - Sputnik Аҧсны
Аладатәи арратә oкруг арратә база 500-ҩык аруаа аҽазыҟаҵарақәа мҩаҧыргоит

Арадиоелектронтә ҿагылара аҟазацәа ихьыԥшу аӷа ирадиоҳақәеи иеимадаратә системақәеи 200 километр иахьаҵанакуаз иршьаҽит. Автомашьына УАЗ "Патриот" иақәгылаз аԥырхага "Лава" ацхыраарала 15 километра иахьаҵанакуаз аимадара шьаҽын. Ахархәара рыман иахьазы иуникалу амобилтә комплексқәа "Леер-2" (акәалӡтәы машьына "Тигр" иақәыргылоу), арадиоеимадарақәа шьақәызҽуа астанциа "Житель" ҳәа аҳәоит апресс-маҵзура адырраҭараҟны.

Имҩаԥгаз арадиоԥырхагақәа хра рыманы ишыҟаз шьақәдырӷәӷәеит ихьыԥшу аӷа ироль назыгӡоз арратә база аимадара аҟәша аррамаҵзурауаагьы.

Аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуан аполигонқәа: Гәдоуҭа, нагвалоу, Ҵабал рҟны абна-шьхареи ага-ԥшаҳәеи иахьрыҵаркуаз аҭыԥқәа рҟны. Арадиоелектронтә ҿагылара аруаа адәытә ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргон 30 уахи-мши инарзынаԥшуа.

Ажәабжьқәа зегьы
0