Милена Тачулиаԥҳа "Ты супер!Танцы" афинал ахь днеит

Анапаҵаҩра
Жәларбжьаратәи аконкурс "Ты супер! Танцы" алахәыла Милена Тачулиаԥҳа апроект афиналбжаҿы дықәгылан ԥхынҷкәын 16 рзы.

Бадри Есиава, Sputnik.

Аԥснытәи акәашаҩ қәыԥш, Жәларбжьаратәи аконкурс "Ты супер! Танцы" алахәыла Милена Тачулиаԥҳа апроект афиналбжаҿы дықәгылан ԥхынҷкәын 16 рзы, афинал ахьгьы днеит. Лара лыкәашара мҩаԥнагон Микаел Таривердиев имузыка ала иҩу Елена Камбурова лашәа "Я такое дерево".

© SputnikВыступление Милены Тачулия в полуфинале шоу "Ты Супер!Танцы"
Выступление Милены Тачулия в полуфинале шоу Ты Супер!Танцы - Sputnik Аҧсны
Выступление Милены Тачулия в полуфинале шоу "Ты Супер!Танцы"

Акәашара оумашәа ауаҩ ихы-игәы иҭало иҟалеит. Милена лҽаалырԥшит зынӡа аҽаганк ала. Лара илылшеит амузыкеиԥш ажәақәа рыҽрыларӡҩара. Ажиури иалаз рҟынтә зылаӷырӡқәа аахаҽҽылазгьы ыҟоуп.

"Бара иссирны бкәашеит. Амузыкеи ажәеинраала ажәақәеи брыманы ицон, баргьы урҭ брышьҭан. Иҭабуп ҳәа басҳәоит", — лҳәеит ажиури алахәыла Анастасиа Заворотниук.

Аматериал бара ибықәлоу иакәым ауаҩы наӡа изгьы имариамызт иҳәеит Евгени Папунаишвили.

© SputnikВыступление Милены Тачулия в полуфинале шоу "Ты Супер!Танцы"
Выступление Милены Тачулия в полуфинале шоу Ты Супер!Танцы - Sputnik Аҧсны
Выступление Милены Тачулия в полуфинале шоу "Ты Супер!Танцы"

Егор Дружинин иакәзар, игәаанагара маҷк аҽакын. Иара иҳәеит ишизымхаз Милена акәашара ала илҳәарц илҭахыз шылҳәаз, иазгәеиҭеит асценахь инеиуа ауаҩы зегь раԥхьа иргыланы ахәаԥшҩы изы шакәу иҟаиҵо зыҟаиҵаша.

"Шәара шәыда ҳашхәарҭам еиԥш ҳара ҳадагьы шәхәарҭам. Исҭахуп уи еснагь ишәгәалашәыршәаларц" ҳәа лабжьигеит иара Милена.

Абалерина Кристина Кретова Егор Дружинин диқәшаҳаҭымхеит. Уи илҳәеит Милена лыкәашара дшыхнахыз.

"Иҟабҵоз монологын. Ҳара ара ҳаҟамшәа иара убри аан бара ҳбыцушәа иҟан. Бара иаабырԥшуан аиаҵәара иаҳәоз аҵла агәҭыха. Аномер еснагь иҿыцу акы аанарԥшыртә иҟоуп", — лҳәеит лара Милена амҩа иаҵәа лыҭо.

Ажиури алахәылацәа рыԥшьҩыкгьы Милена лымҩа иаҵәа ԥшшәыла идырхиеит. Уи иаанагон "азыԥшра уадахь" днеир алшоит ҳәа. Аҵыхәтәаны Анастасиа Заворотниук Милена амҩа лзаалыртит "Ты супер!Танцы" афинал ахь.

Жәларбжьаратәи аконкурс "Ты супер! Танцы" аҟны Аԥсны ахьӡала иқәгылан Милена Тачулиаԥҳаи Леон Қапбеи. Леон афиналбжа ашьҭахь аконкурс аанижьыр акәхеит.

Аинформациатә маҵзуреи арадиои Sputnik рпортал аҟны ашьҭаԥшра алшоит Милена ԥхьаҟатәи лықәҿиарақәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0